Арадио

Ирфан Ахәаҷба еиҭеиҳәеит Адаԥазар аԥсшәа дырҵаразы акурсқәа шеиҿикааз

Адаԥазар инхо аԥсуаа рхатәы бызшәа дырҵаразы акурсқәа еиҿкааны измоу Ирфан Ахәаҷба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсшәа арҵара дшалагаз атәы. 
Sputnik

"33 шықәса Ҭырқәтәыла арҵаҩра азанааҭ ала аус зуан. 2005 шықәса рзы Анкара Кавказ ахеидкылақәа рфедерациа еиҿнакааит арҵаҩы изанааҭ змоу рзы абызшәа арҵаратә акурсқәа. Аԥснынтә Лиудмила Хьиԥҳа дааны мызкы иаҳлырҵон ҳзанааҭ атәы, анаҩс доусы ҳақалақьқәа рахь ҳцеит абызшәа дырҵаразы. Сара Адаԥазар еиҿыскааит аԥсуаа аҩышьа аԥхьашьа дырҵаразы акурсқәа. Ахәыҷқәеи, аԥсшәа зҵарц зҭаху аиҳабацәеи мчыбжьык ахь ҩынтә ԥшь-сааҭк аҵара дсырҵоит. Арҭ акурсқәа есышықәса еиҿыскаауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ахәаҷба.

Ирфан Ахәаҷба: cҵаҩцәеи сареи аԥсшәа еицаҳҵоит

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.