Ирфан Ахәаҷба: cҵаҩцәеи сареи аԥсшәа еицаҳҵоит

© Sputnik / Саида ЖибаИрфан Ахәаҷба
Ирфан Ахәаҷба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
14 шықәса раахыс, Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь, Кавказ Ахеидкылақәа Рфедерациа апроект инақәыршәаны ҳџьынџьуаа рхатәы бызшәа дзырҵо Ирфан Ахәаҷба иаҳзеиҭеиҳәеит шықәсык иалагӡаны 30-ҩык рҟынӡа хәыҷи-дуи ирзеиҿкаау хәыда-ԥсадатәи аԥсуа курсқәа ишрылго.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

2005 шықәсазы, Кавказ Ахеидкылақәа Рфедерациа апроект инақәыршәаны, Анкара иазыҟарҵеит, аԥсуеи, адыга бызшәақәеи рзы арҵаҩцәа. Урҭ мызкы аус рыдырулеит Аԥснынтәи иаашьҭыз Аҳәынҭқарратә Университет алектор Лиудмила Хьыбԥҳаи, иара убас адыга бызшәадырыҩи.

Занааҭла ирҵаҩыз, зхатәы бызшәа здыруаз, иҩуаз, иаԥхьоз роуп уахь иааԥхьаз.

Филиз Чықьԥҳа - Sputnik Аҧсны
Филиз Ҷықьԥҳа: хымз рыла аԥсышәала аҩышьеи, аԥхьашьеи сҵеит

Аҽазыҟаҵара иахысуаз 15-ҩык аԥсуаа ыҟан. Мызкы иалагӡаны Лиудмила Хьибԥҳа наҟ-наҟ ахатәы бызшәа мҩаԥыргартә еиԥш адыррақәеи, аԥышәеи рылҭеит.

Усҟан, Ирфан Ахәаҷба апроект далахәхоит ҳәа заҳаз, Адаԥазар ақалақь инхо, аԥсуааи, аԥсшәеи, аԥсуареи рзы зхы иамеигӡо, зхала анбанқәа ҵаны, анаҩс аҩреи, аԥхьареи иалагаз Фаарықә Ажьиба иҩыза ааԥхьара иҭаны, хаҭала мызкы аус идиулеит.

"Ҳара араҟа Дырмит Гәлиа ҳәа ҳзышьҭоу ҳарҵаҩ дуӡӡа Фаарықә Ажьиба иоуп. Иахьа 80 шықәса шихыҵуагьы, аԥсшәа зҵарц зҭаху доусы иҩнаҭа днеины ацхыраара аиҭара дазыхиоуп. Апроект ахь ааԥхьара ансоугьы, сҩызцәа рҿаԥхьа сыԥхамшьартә еиԥш исиҭаз адыррақәа рацәоуп", - иҳәоит Ирфан Ахәаҷба.

Хәышықәса аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩыс аус уны, анаҩс зыԥсҭазаара абжа аҿар амҵышәымпыл иазыҟазҵоз Ирфан Ахәаҷба тәанчара данца, қәҿиарала аԥсуа бызшәа амҩаԥгара далагеит. 2005 шықәса раахыс, ԥшьышәҩык инареиҳаны хәыҷи-дуи рхатәы бызшәа дирҵеит.

"Раԥхьанатә аԥсшәа арҵара саналага, схы иасырхәон Аԥсны сцаны иаазгоз аматериалқәа, иахьа хаҭалатәи сырҵага шәҟәқәа рыла аурокқәа мҩаԥызгоит. Убас жәибжь нызқь ажәақәа ахьану аԥсуа-аҭырқәа жәар еиқәсыршәеит. Уи сҵаҩцәа зегьы амобилтә ҭел иҭагаланы ирымоуп", - ҳәа ҳаилиркааит арҵаҩы.

Ҭырқәтәыла, аиҳабыратәи аклассқәа рахь инеиуа, иара агәаҳәара змоу адуцәагьы ирымоуп алшара, аҳәынҭқарратә бызшәа анаҩс хәыда-ԥсада даҽакы аҵара. Уи азы иаартуп акурсқәа. Адаԥазар ақалақь акәзаргьы убас. Кавказ Ахеидкылақәа Рфедерациа иҟарҵаз аҳәарала, ҳаауажәларгьы ирымоуп азин рхатәы бызшәа аҳәынҭқар ихарџьла аҵара.

Сҭамҧыл - Sputnik Аҧсны
Ахеиқәырхара: ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспораҿы абызшәа аҭагылазаашьа

"Даара агәахәара ду ҳнаҭоит мчыбжьык ҩынтә, ԥшьба-ԥшьба урок амҩаԥгаразы алшара ахьҳамоу. 18 сааҭ инаркны 21-нӡа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагоит. Ари аамҭа маншәалоуп аус зуеи, аҩны иҟоуи рзы. Уажәазы адуцәа роуп акурсқәа рахь иааиуа. Араатәи аҵарадырра асистема аамҭа рацәа агоит аҟнытә, ахәыҷқәа аԥсшәа дсырҵоит аԥхынтәи рыԥсшьарамшқәа ирылагӡаны", - еиҭеиҳәоит Ирфан.

Арҵаҩы иҳәоит, иҵаҩцәа иаргьы аԥсшәа шрыциҵо, ишхеибарҭәаауа.

Ирфан Ахәаҷба ашкол ахь дцаанӡа аҭырқәшәа издырӡомызт, аԥсышәала мацара акәын аҩны ишеицәажәоз.

Аҭаацәараҟынгьы ирҵаҩу Ирфан иԥшәмаԥҳәыс дшаԥсыуамгьы, лхаҵа ибызшәа лаҳауеит, лнапы иҵҵуеит аԥсуа чыс. Ирфан иааӡара иабзоураны рыԥҳагьы арҵаҩы изанааҭ алылхит. Иԥа иакәзар, Адаԥазар ақалақь, Кавказ Адернеқь аҟны аҿар амырзакан арҳәареи, аԥсуа кәашареи дирҵоит. Уимоу иара дазҟазоуп ашәаҳәара, бзиа ибаны инаигӡогьы аԥсуа шәақәа роуп.

Иацу

Ҳазҭалаз ашықәс ҿыц раԥхьатәи амшқәа рзы Ҭырқәтәылаҟа сааит. Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, сырҭааит арҵаҩы Ирфан Ахәаҷба имҩаԥиго аԥсшәа аурокқәа. Аиашазы даара агәахәара ду снаҭеит избаз, исаҳаз. Зегь раасҭа сгәы иҭымҵуа, ажәақәа рыла аҳәоуқәа анышьақәдыргылоз, аҿырԥштәқәа зегьы Аԥсны иахьадырҳәалоз ауп. Иаҳҳәап "аԥсабара" - "Аԥснытәи аԥсабара даара иԥшӡоуп", мамзаргьы "ацха" - "Аԥснытәи ацха даара агьама хаауп". Дара реиҳараҩык рџьынџьдгьыл ахь ишымаацгьы, убас ацәанырра ԥха аҵаҵаны, иҵабыргны ирҳәон, рыдгьыл аҟны еицәажәозшәа.

Аԥсшәа ахьымҩаԥысуа акласс ахь снапы ҭацәны сымнеит. Ҳамҭас, Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа лыхьӡала ирызназгеит ахатәы бызшәа аҵараҿы рхы иадырхәаша аԥсуа алфавит, исахьарку ацхыраагӡақәа, аԥсуа лакәқәа.

© Sputnik / Саида ЖибаИрфан Ахәаҷбеи иҵаҩцәеи
Ирфан Ахәаҷба: cҵаҩцәеи сареи аԥсшәа еицаҳҵоит - Sputnik Аҧсны
Ирфан Ахәаҷбеи иҵаҩцәеи

 

Ажәабжьқәа зегьы
0