Арадио

Ламиаԥҳа Москва имҩаԥысыз абызшәақәа рыхәылԥаз иазкны: аԥсшәа иазҿлымҳаз рацәаҩын

Москва апоетцәа рыҩнаҿы Жәларбжьаратәи алитературатә проект аҳәаакәа ирҭагӡаны Евразиа ажәларқәа рассамблеиа ахылаԥшрала иаартын ахәылԥазқәа рцикл. Уи азкуп Урыстәыла акыр шықәса инхо егьырҭ амилаҭкәа рбызшәакәа азҿлымхара рыҭара. Абызшәақәа рыхәылԥаз иалахәыз Шьукин ихьӡ зху атеатралтә ҵараиурҭа аушьҭымҭа Милана Ламиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иара шеиҿкааз атәы.
Sputnik

"Ахәылԥазқәа ззыркуа атемақәа даара ирацәоуп, иаҳхысыз ашықәс азы изызкыз аурыс авангард шәышықәса ахыҵра акәын. Ахәылԥаз иалахәыз даара ирацәаҩын, ажәеинраалақәа ирыԥхьон еиуеиԥшым абызшәақәа рыла. Аусмҩаԥгатә аԥххарра аҵан имҩаԥысит. Сгәы иаахәеит схы ахьаласырхәыз. Сара Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Ажәа" саԥхьон. Гәахәарыла ирыдыркылеит зегьы иара, ҳбызшәахьы аинтерес аазырԥшыз рацәаҩын", - ҳәа азгәалҭеит Ламиаԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.