Аԥсны ААР Венесуела ахада ишидгыло азы аҳәамҭа ҟанаҵеит

Венесуелатәи ахҭысқәа инарымаданы Вашингтон иҟанаҵаз аҳәамҭа иаартны аҳәынҭқарратә мчра ахҳәарахьы ааԥхьароуп ҳәа азгәарҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 24– Sputnik. Аԥсны азакәан шьаҭала ажәлар реиҳараҩык иалырхыз Венесуела ахада Николас Мадуро идгылоит, атәылаҿ аҭыԥ змоу аконституциатә кризис акәзаргьы, аҭыԥ иқәҵахоит ҳәа иақәгәыӷуеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Аоппозициатә парламент аиҳабы Венесуела ахадас ихы рылеиҳәеит

"Иарбанызаалак атәылаҿ имҩаԥысуа ахҭысқәа ахрылагалара иашам ҳәа иазаҳаԥхьаӡоит. Агәра аагоит Каракас аҭыԥ змоу аҩныҵҟаполитикатә кризис аҭыԥ иқәҵахоит ҳәа, иҟоу аполитикатә система аҳәаақәа ирҭагӡаны, адәныҟантә аӡәгьы даламырхәыкәа", - ҳәа аҳәоит аминистрра аҳәамҭаҿы.

Венесуелатәи ахҭысқәа инарымаданы, Вашингтон иҟанаҵаз аҳәамҭа иаартны аҳәынҭқарратә мчра ахҳәарахьы ааԥхьароуп ҳәа азгәарҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы. ЕАА аҭагылазаашьа арцыхцыхра бзиа ирбоит, аха уи аан даара акраҵанакуеит амццакра ҳәа азгәарҭоит аусбарҭаҿы.

"Америкатәи аполитикатә истеблишмент иаҟазшьа ҷыданы иҟоуп асуверентә ҳәынҭқаррақәа рыҩныҵҟатә усқәа ахрылагалара. Уажәгьы Вашингтон аҳәамҭа иара усгьы имариам аҭагылазаашьа аруадаҩуеит, аха уи ЕАА зхәыцра дук азыҟарҵом", - ҳәа арбоуп аҳәамҭаҿы.

Вашингтон Мадуро имчра мап ацәнакуеит

Венесуела аоппозициатә парламент аиҳабы Хуан Гуаидо атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа ихы рылеиҳәеит ажьырныҳәа 23 рзы. Хуан Гуаидо аҳәамҭа ҟаиҵеит аконституциатә зинеиҿкаара ахьчаразы аамҭалатәи аусбарҭақәеи ажәлар ирымхыз активқәа рырхынҳәразы афонди шаԥиҵо.

Вашингтон Венесуела аоппозициатә парламент аиҳабы Хуан Гуаидо атәыла аамҭалатәи ахада ҳәа дазханаҵеит, аҳәамҭагь ҟанаҵеит Венесуела адемократиа аиҭашьақәыргыларазы иалшо зегь шыҟанаҵо.

"Сара иахьа официалла дазхасҵоит Амилаҭтә ассамблеиа аиҳабы Хуан Гуаидо атәыла аамҭалатәи ахадак иаҳасаб ала. Венесуела ажәлар азакәан шьаҭа аҭаны иалырхыз Амилаҭтә ассамблеиа заҵәык ауп. Ассамблеиа атәыла Аконституциа инақәыршәаны Николас Мадуро имчра иашам ҳәа азгәанаҭоит", - ҳәа иҳәеит ЕАА ахада Дональд Трамп.

Ажьырныҳәа 23 рзы Венесуела Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Амилаҭтә ассамблеиа аӡбарақәа азакәан шьаҭа рымам ҳәа шьақәнаргылеит.

Аԥсны ахадеи Венесуела ахада Николас Мадурои еиԥылеит