"Уалид Маршьан Абаза ҳажәлар ргәалашәараҿы даанхоит зџьынџь, зыԥсадгьыл Аԥсны алахьынҵа хьаас измаз, уи ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирзықәԥоз ҵеи наганы, аиаша аиқәырхара иашьҭаз патриот дуны. Шьамтәылатәи Арабтә республика ашәарҭа ианҭагылоз аамҭақәа рзы Уалид хьаҵрак ҟамҵакәа агрессорцәа дырҿагыланы деибашьуан. Илшамҭақәеи иԥышәеи ҳасаб рзуны инапы ианырҵахьан Шьамтәыла ашәарҭадаратә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩра, убас иҵегьы иҳаракыз аҳәынҭқарратә уалԥшьақәа", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Уалид Маршьан илшамҭақәа Шьамтәылатәи Арабтә республика Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара азҵаараҟны, убасгьы уи иашьцәеи иареи ргәымшәара, рӷьеҩра, иззықәԥоз аиашаҟны рхьамҵра атәы.
"Ҳара ҳзы акрызҵазкуа хҭысны, игәазырҳагоу ҿырҧштәы бзианы иҟалеит, Шьамтәыла инхо аҧсуааи адыгааи рыжәҩахыр еидкыланы аҭоурых дуӡӡеи акультуреи змоу Арабтә ҳәынҭқарра ахьчаразы рхы иахьамеигӡаз, Шьамтәыла асуверенитет аиқәырхара рыхәҭаа ахьаларгалаз. Ари иҵегь ишьҭнахит аҳәаанырцәтәи ҳаҧсуа диаспорақәа раҳаҭыр, рыхьӡ-рыҧша, иарҕәҕәеит адунеижәларбжьаратәи ҳара ҳпозициақәагьы. Уалид Маршьан иеиҧш иҟаз афырхацәеи Сириатәи ҳадиаспореи рхымҩаҧгашьа, ракзаара иахьабзоуроу рацәоуп Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵараҿы Шьамтәыла иаанарҧшыз адипломатиатә шьаҿа ҕәҕәақәагьы", - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада.
Шьамтәыла ар аинрал-маиор, иналукааша аԥсуа диаспора ахаҭарнак Уалид Маршьан ибаҟа аартын ажьырныҳәа 24, Аҟәа, Аԥсны арепатриациазы аминистрра ашҭаҟны.