00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Исахьарку ажәа
18:27
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Исахьарку ажәа
21:27
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Пресс-конференция президента Абхазии
14:04
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Адәныҟа-политикатә усбарҭа 33 шықәса ахыҵуеит: адипломат лыҿцәажәара
18:22
16 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Пресс-конференция президента Абхазии
On air
18:49
3 мин
Взаимный интерес
Сухум: берег перемен. Интервью с руководителем проекта
18:52
19 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳаџьымба Уалид Маршьан изы: аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы патриот дуны даанхоит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаПрезидент Рауль Хаджимба на Церемония открытии памятника генералу Уалиду Маршан
Президент Рауль Хаджимба на Церемония открытии памятника генералу Уалиду Маршан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыхьӡ кашәара ақәым аинрал Уалид Маршьан ибаҟа Аҟәа аартра иналукааша хҭысуп Аԥсны аҭоурых аҟны, иара убас Шьамтәылеи Аԥсныи реиҩызаратә еимадарақәа рҭоурых аҟны, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба иқәгылараҟны.
Ҳаџьымба Уалид Маршьан изы: аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы патриот дуны даанхоит

"Уалид Маршьан Абаза ҳажәлар ргәалашәараҿы даанхоит зџьынџь, зыԥсадгьыл Аԥсны алахьынҵа хьаас измаз, уи ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирзықәԥоз ҵеи наганы, аиаша аиқәырхара иашьҭаз патриот дуны. Шьамтәылатәи Арабтә республика ашәарҭа ианҭагылоз аамҭақәа рзы Уалид хьаҵрак ҟамҵакәа  агрессорцәа дырҿагыланы деибашьуан. Илшамҭақәеи иԥышәеи ҳасаб рзуны инапы ианырҵахьан Шьамтәыла ашәарҭадаратә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩра, убас иҵегьы иҳаракыз аҳәынҭқарратә уалԥшьақәа", - иҳәеит Аԥсны ахада.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Уалид Маршьан илшамҭақәа Шьамтәылатәи Арабтә республика Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара азҵаараҟны, убасгьы уи иашьцәеи иареи ргәымшәара, рӷьеҩра, иззықәԥоз аиашаҟны рхьамҵра атәы.

"Ҳара ҳзы акрызҵазкуа хҭысны, игәазырҳагоу ҿырҧштәы бзианы иҟалеит, Шьамтәыла инхо аҧсуааи адыгааи рыжәҩахыр еидкыланы аҭоурых дуӡӡеи акультуреи змоу Арабтә ҳәынҭқарра ахьчаразы рхы иахьамеигӡаз, Шьамтәыла асуверенитет аиқәырхара рыхәҭаа ахьаларгалаз. Ари иҵегь ишьҭнахит аҳәаанырцәтәи ҳаҧсуа диаспорақәа раҳаҭыр, рыхьӡ-рыҧша, иарҕәҕәеит адунеижәларбжьаратәи ҳара ҳпозициақәагьы. Уалид Маршьан иеиҧш иҟаз афырхацәеи Сириатәи ҳадиаспореи рхымҩаҧгашьа, ракзаара иахьабзоуроу рацәоуп Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵараҿы Шьамтәыла иаанарҧшыз адипломатиатә шьаҿа ҕәҕәақәагьы", - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада.

Шьамтәыла ар аинрал-маиор, иналукааша аԥсуа диаспора ахаҭарнак Уалид Маршьан ибаҟа аартын ажьырныҳәа 24, Аҟәа, Аԥсны арепатриациазы аминистрра ашҭаҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0