Адлер араион аҿы иблыз акаҳуажәырҭа аԥшәма иус рыӡбоит

Шәача, Адлер араион аҿы рашәарамза 30 рзы ахатәыҩны амца акит. Абри инамаданы аусҭҵаара хацыркын.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Адлер араион аҿы 11-ҩык ауаа злаблыз акаҳуажәырҭа аԥшәмеи анардаҭаҩи рус рыӡбоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла аусҭҵааратә еилакы асаит.

"Адлер араион аҿы закәаншьаҭада ахыбра зыргылаз, 34 шықәса зхыҵуа аԥшәмеи ахыбра анардаҭаҩи рганахь ала аусҭҵаара хыркәшоуп. Дара ауаа рацәаҩны рҭахара рхараҵоуп. Еизгоуп аршаҳаҭгатә ҵаҵӷәы. Ашьаус аӡбарҭахь инашьҭуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Шәача ақалақь ахадара аинформациала иҭахаз зегьы арахь усура ҳәа иааз Урыстәыла арегионқәеи ИАР атәылақәеи ируааԥсыроуп. Акаҳуажәырҭаҿ  иҟалаз амцакра иахырҟьаны иҭахеит ԥшьҩык, авараҿтәи ахыбраҿы иҭахеит быжьҩык ауааԥсыра.

2010 - 2013 шықәсқәа рзы азин ыҟамкәа иргылаз ахыбра афымцацәаҳәа иадҳәалан. Уи азгьы иарбанызаалак зинк ыҟамызт. Ашәарҭара змаз ахыбраҿ еиҿкаан акаҳуажәырҭа.

Шәача амцакра иахҟьаны ааҩык ҭахеит