Шәача амцакра иахҟьаны ааҩык ҭахеит

© Фото : ГУ МЧС по Краснодарскому краюСпасатели потушили пожар в Сочи, унесший жизни восьми человек
Спасатели потушили пожар в Сочи, унесший жизни восьми человек - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача ақалақь Адлер араион аҿы амцакра иахҟьаны ааҩык ҭахеит, хҩык аахақәа роуит. Аҭыԥ аҟны аус руеит 60-ҩык амцарцәаҩцәеи 19 техникатә хархәагеи.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 — Sputnik. Шәача ақалақь Адлер араион аҿы амцакра иахҟьаны Ермантәылантәи ԥсшьара ҳәа иааз назлаз ааҩык ҭахеит, хҩык аахақәа роуит. Аҭыԥ аҟны аус руеит 60-ҩык амцарцәаҩцәеи 19 техникатә хархәагеи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Шәача ақалақь Адлер араион аусҭҵааратә ҟәша аусура хацнаркит.

"Акаҳуажәырҭа иаҿаԥшьыз х-еихагылак иҟаз аметаллтә конструкциа иалхыз анхарҭа амца акит. Амца ахы ыҵнахит акаҳуажәырҭаҿ, нас уахь ииасит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ахыбра аргылара иалгам. Иҭахаз акаҳуажәырҭа аусуҩцәеи Ермантәылантәи аԥшәма иҭааз асасцәеи роуп ҳәа ауп адыррақәа шыҟоу.

Уаанӡа Ермантәыла АҶА ишьақәнарӷәӷәеит ареспублика атәылауаҩык дышҭахаз абри амцакраан.

Ажәабжьқәа зегьы
0