Керчь ибылуа атанкерқәа рҟынтәи хабарда ибжьаӡу амшынуаа рыԥшаара хыркәшоуп

Уаанӡатәи адыррақәа рыла амца зкны ибылуаз атанкерқәа Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аӷбақәа рныҟәара ирԥырхагам.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik. Амца зкны ибылуа атанкерқәа рҟынтәи хабарда ибжьаӡу амшынуаа рыԥшаара хыркәшоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Абылра иаҿу атанкерқәа Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аӷбақәа рныҟәара иаԥырхагам

"Аԥшааратә операциа мҩаԥысуеит аха абри аҵакыраԥшьыркцала имҩасуа аӷбақәеи аиқәырхаратә шхәақәеи рыла. Аԥшаара иадыԥхьалаз аӷбақәа аушьҭуп", - ҳәа аҳәоит амаҵзураҿы.

Аӷбақәа абылра иаҿуижьҭеи уажәшьҭа ԥшьымшуп. Аӷбақәа ркьынаара шыҟац иҟоуп, рҽырымԥсахыц.

"Амца маҷк еиқәтәеит, аха макьана имыцәацт", - ҳәа рҳәоит адырраҭарақәа рҿы.

Уажәы "Канди" ахь аиқәырхаҩцәа рынашьҭра азыԥхьагәаҭоуп ҳәа "Росморречфлот" апресс-маҵзураҿы.

Танзаниа абираҟ иаҵагыланы иӡсоз аӷбақәа "Канди", "Маэстро" амца ркит Керчтәи аӡыбжьахалаҿы. Аӷбақәа рҿы иҟан 32-ҩык амшынуаа: 12-ҩык еиқәырхоуп, 10-ҩык хабарда ибжьаӡит, аҽа жәаҩык ҭахеит.