Арепатриациа

Енгин Ебжьноу: Аԥсныҟа санаауаз издыруаз ҩ-ажәак ракәын: иҭабуп, абзиараз

Жәа-шықәса раԥхьа Ҭырқәтәылантә зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь — Аԥсныҟа нхара ҳәа иааз, ганрацәала абаҩхатәра злоу арԥыс Енгин Ебжьноу далацәажәеит ихынҳәра шыҟалаз аҭоурыхи аратәи иԥсҭазаара шышьақәгылази.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik.

— Енгин, Ҭырқәтәылантәи уԥсадгьыл ахь аара шԥаԥшьугеи, насгьы шаҟа шықәса ҵуеи Аԥсны унхоижьҭеи?́

— Сара Аԥсны сынхоижьҭеи уажәшьҭа иҵуеит жә-шықәса. 2008 шықәса, декабр 15 рзы анхаразы ҳәа сааит.

— Шаҟа шықәса ухыҵуаз анхараҵәҟьа ҳәа угәы иҭакны уанаауаз?

— Усҟан исхыҵуан 28 шықәса.

— Уабшьҭра аҭоурых уаҳзалацәажәарц сҭахуп, Ҭырқәтәыла уара уабанхоз?

Ашәба: арепатриациа амал рацәаны иадҵахар, алҵшәа ҟамларц залшом

— Сара хылҵшьҭрала субыхуп. Самсун ақалақь аҿы сынхон. Сара сыжәла — Ебжьноу зхыу ақыҭа ыҟоуп. Шәача анаҩс, Хобза ҳәа аҭыԥ ыҟоуп, Бу ҳәагьы иҟоуп. 200 шықәса раԥхьа ишьақәыргылаз ахсаалаҿоуп иахьану Ебжьноу ҳәа иҟаз ақыҭа ахьӡ. Сабду иабду иоуп Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара иақәшәаз. Ахәбатәи абиԥара саҵанакуеит сара. Сан шаԥсыӷ ҭыԥҳауп, Қарданԥҳауп, Нуршьан лыхьӡуп.

— Абиԥарала уабдуцәа рыхьӡқәа удыруама?

— Ааи, хымԥада. Аԥснынтә иқәҵыз Зеқьириа ихьӡуп, уи иԥа — Аҳмеҭ, уи иԥа — Омер, уи иԥа — Енвер, Енвер иԥагьы сара соуп.

— Уҭаацәа ишԥарыдыркылеи Аԥсныҟа уаара?

Аԥсныҟа сшаауаз расҳәеит, аха анхараҵәҟьа сгәы иҭакны амҩа сшықәлоз рыздырӡомызт. Амц сҳәеит, аусураҿы арзаҳал зҩит, фы-мыз аԥсшьара аамҭа сырҭартә еиԥш азин згоит, Аԥсныҟа сцоит, сахәаԥшуеит, фымз рыла еилыскаауеит иҟоу-иану, шәымшәан — ҳәа раҳәаны арахь сдәықәлеит. Сҭаацәагьы ақәшаҳаҭхеит. Аха, санаауаз издыруан уаҳа Ҭырқәтәылаҟа сшымхынҳәуаз. Сусураҿы абзиараз ҳәа раҳәаноуп сшаазгьы, схынҳәӡозаргьы аусура уа уаҳа исымаӡамызт.

— Аишьцәа, аиҳәшьцәа умоума?

— Сашьеиҳаб дыҟоуп, Самсун ақалақь аҿы дынхоит, ҩыџьа ахшара имоуп. Сҭаацәа Аԥсныҟа иаалоит, сара имаҷны уахь сцоит, сцозаргьы ԥсшьара ҳасабла сцоит уажәшьҭа.

— Ужәлантәқәа, уашьцәа Ебжьноуааи уареи раԥхьа шәышԥеибадыри, шәышԥеибабеи?

Аллиаҭин Ебжьноу: ҳара ҳажәлар ӷәӷәоуп, ҳмилаҭ наӡоуп

— Раԥхьа Аԥсныҟа санаа, 2007 шықәса рзы, атәылауаҩшәҟәы аиуразы арепатрициахь ҳцеит. Убра дыҟан Геннади Аламиа. "Иужәлоузеи уара?" — ҳәа дсазҵааит. "С-Ебжьноуп," —сҳәеит. "Рауф Ебжьноу сара сҩыза иоуп, шәеибадырроуп," — иҳәеит. Абас ҳаибадырра ҟалеит. Исгәалашәоит, Рауф, уара дануқәлаз шәеиԥшын ҳәа сарҳәан, даара гәахәас иҟасҵеит. 2008 шықәса рзы нхара ҳәа санаа, иара, Ебжьноуаа дрыԥхьеит, ҳаибаирдырит, аҩныҟа сигеит. Счара ҟалаанӡа, иара иааигәа сынхон, анхарҭа сзииԥшаахьан. Џьырхәаҟа ҳаиццалон ақыҭахь, Рауф иан лыԥсы ҭоуп, ҳанду Акәаӡԥҳа. Даара бзиа дызбоит. Ебжьноуааи сареи ҳацәгьеи-ҳабзиеи ҳаилахәуп, аибабара бзиа ҳабжьоуп.

— Енгин, иахьа аԥсышәала аҷҷаҳәа уцәажәоит. Аԥсныҟа уанауааз иудыруазма аԥсшәа?

— Ажәак, ҩ-ажәак здыруан, урҭгьы абарҭ роуп: иҭабуп, абзиараз. Аурыс бызшәа усгьы исыздыруамызт. Аԥсшәеи аурысшәеи еилаҵаны ианцәажәоз ыҟамзи ауаа, исзеилкааӡомызт, иарбану аԥсшәа, иарбану аурысшәа ҳәа схәыцуан. Ничего иаанагои?— ҳәа сҵаауан есымша, уи аԥсышәаӡам рҳәон иччаны. Нас еснагь слымҳа иахьҭасуаз акәхарын… Хы-мыз аԥсуа бызшәа арҵаразы акурсқәа рахь сцеит, абас алоуп исҵаз аԥсшәа шысҵаз, нас аҿиара аиоуит хәыҷы-хәыҷла.

— Аԥсны уанааи иаразнак аусура уԥшаама, аԥсҭазаара нап шԥаурки?

— Сара нхара ҳәа аара сгәы иҭаскаанӡа, Аԥсны ҩынтә саахьан. 2007 шықәса, нанҳәамзазы ҳааит, нас 2008 шықәсазы, Аиааира амшныҳәазы. Убасҟан иаразнак сгәы иҭаскит, Аԥсныҟа нхара ҳәа саароуп ҳәа, аус сызлагоз схы иҭасымкӡеит зынӡагьы.

— Уара занааҭла унапы злакыз Ҭырқәтәыла?

— Сара рҵаҩыс аус зуан атехнологиеи адизаини рхырҭала. Анкаратәи иреиҳау аҵараиурҭа салгахьеит. Хы-шықәса ашьхараҿгьы арҵаҩы иусқәеи, альпинизм аусқәеи еилаԥсаны иҟаҳҵеит. Аԥсуаа рхеидкылақәа рахь сныҟәон. Измиҭ ақалақь аҿы сҩызцәеи сареи абри аганалхь ала аус аауан. Ажәакала, Аиааира амш ныҳәа ашьҭахь, Ҭырқәтәылаҟа саныхынҳә, исҭахын шықәсык ала сусқәа рҭыԥ иқәҵаны арахь саарц, аха еилыскааит шықәсык аамҭа шырацәаз, уиаҟара шысзымычҳауаз. Хымз рыла сусқәа рҭыԥ иқәҵаны сааит.

— Аханатә унапы злауки, аҽаршьцылара уцәыуадаҩхама, мамзаргьы зегь иаразнак иуцааима?

— Аханатә аусура схы иҭасымкӡеит, зегь раԥхьа абызшәа сҵарц сҭахын, нас фы-мыз рнаҩс аусқәа рыԥшаара салагеит хәыҷы-хәыҷла. Аха, сыгәҭакыҵәҟьа — ахынҳәра акәын, нас аԥсҭазаара иунарбоит иҟауҵаша ҳәа схәыцуан.

— Ҳазҭагылоу аамҭазы узҿуи?

Сергеи Ҵәыџьба: аҟазараҿы аиҿцаара иунаҭо рацәоуп

— Уасил Царгәыш напхгара зиҭо Аԥснытәи аҳәынҭқарратә акәашаратә ашәаҳәааратә ансамбль аҟны ахор салоуп, ашәа сҳәоит. Асахьаҭыхрагьы салагеит хәыҷы-хәыҷла. Ари макьана имаӡоуп, аха шәара ишәзаасыртит сымаӡа. Сыжәлантәқәа Ебжьноуаа ҳамҭас адгьыл ҭыԥ сырҭеит Иашҭҳәа, аубыхцәа рыхьӡ зху амҩаҿы. Сара адгьыл ақәаарыхра бзиа избоит, аԥсабара аиаҵәара бзиа избоит, ашәырҵлақәа еиҭасҳауеит, еихасҳауеит, аамҭак шсоуз еиԥш уахь сыҟоуп. Асахьаҭыхратә ҟазарҭагь уахь изгеит, аҭыхрақәа рганахь ала абас аҟазара амҩа ҿыц аԥшаара саҿуп. Сабхәагьы дсахьаҭыхҩуп, аха уи иахь сыԥхашьаны сусумҭақәа цәырызгаӡом, издыруа асахьаҭыхыҩцәа идсырбоит, рабжьгарақәа сырзыӡырҩуеит, даргьы ргәы иахәаны срыдыркылоит. Иара убас, амҿлыхқәагьы аус рыдызулоит, уи аҟазрҭагьы уа исымоуп. Адунеи аҿы знык ауп аԥсҭазаара анҳаҭәоу, ҳнапаҟынтә иааиуа зегьы ҟаҳҵароуп. Амузыкатә ҵараиурҭа салгахьеит. Аконцерттә программақәа рыла Аԥсны аҩныҵҟеиԥш, уи анҭыҵгьы сықәгылартә еиԥш алшарақәа соухьеит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит сырҵаҩцәа, сеиҳабацәа зегьы. Назырбеи Ебжьноуи сареи ансамбль ҳаицалоуп, ашәа еицаҳҳәоит, уи сара сзы даара игәадуроуп.

— Аԥсны убас еиԥш улахьынҵа ҟалеит, аҭаацәара уалалеит, унасыԥ уцеиҩылшеит аԥсуа ҭыԥҳа Аԥсуана Ҵәыџьԥҳа, изҳауеит уԥа Убых. Уҭаацәаратә ԥсҭазаара шышьақәгылаз уаҳзалацәажәар ҟалома, шәышԥеибадыри уԥшәмеи уареи?

— Саҭамыз ҳәа шәасҳәоит заа. Хәы-шықәса маҷк инеиҳауп аҭаацәара аԥысҵеижьҭеи. Владислав Арӡынба имшиыра азы, аԥсуа-абаза жәлар рконгресс аҿы, апоема ҳаԥхьап рҳәеит. Саргьы аԥсшәа сзырҵоз арҵаҩы Нонна Ҭхәазԥҳа, уаԥхьар агәахәа алысхуеит лҳәан, мап мкыкәа сақәшаҳаҭеит. Убрантә иалагеит сынасыԥ…

Аубых бызшәа аҭҵааразы аусқәа снапы рылакуп. Сара саамҭа азымхаргьы, Убых деизҳар иациҵап ҳәа сгәыӷуеит. Хы-шықәсеи бжаки роуп ихыҵуа, Аҟәа ақалақь ахәыҷбаҳча "Алиас" ахь дныҟәоит.

— Аԥсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәыз аӡә иаҳасабала, суазҵаарц сҭахуп, ухы шԥаубо ара, агәаԥхара имазар ауаҩы, ауадаҩрақәа ралҵра изымариоума?

— Аԥсны угәаԥхома ҳәа исазҵаауа рацәаҩуп. Ус иашаӡам ҳәа сазхәыцуеит. Аԥсны ҳара ҳаԥсадгьыл акәзар, иаҳгәаԥхома, иаҳгәамԥхома ҳәа азҵаара зынӡагьы ҳазымхәыцроуп. Ҳара ҳаԥсацәоуп, даҽакала ҳаҟаӡам. Ҭырқәтәыла ииз ауааи, Аԥсны иизи маҷк еиԥшымхар ҟалап аха, ҳаидызкыло ҳамоуп — аԥсуара, ауаҩра. Ицәгьаӡам Аԥсны анхара. Агәаԥхара умазароуп зегь раԥхьа иргыланы. Адунеи аҿы иҟам аԥшӡарақәа зегьы Аԥсноуп иахьыҟоу. Еснагь ҳхәыцрақәа абзиара аганахь иҳархалароуп. Сара позитивла сазнеиуеит аԥсҭазаара.

— Ара уабанхои?

— Ҳара Маҷара ҳанхоит. Аԥсшьара мшқәа рзы еснагь Иашҭхәа ҳаҟоуп, аԥхьаҟа уа иҵегьы ишьақәсыргылар, иацысҵар сҭахуп.

Еқрем Хышба: апҟақәа аниасуаз, зыла иамбоз санду аҵәыуара далагон

— Абызшәа ҳалацәажәозар, ара иазгәауҭеит, уанаауаз ажәак-ҩажәак рыда шыузымдыруаз. Изҵарц зҭаху имыцааир залшаӡом, ус аума?

— Зегь раԥхьа иргыланы ухатәы бызшәа удыруазароуп. Ҳара аҩны урыс бызшәала ҳцәажәаӡом, аԥсшәоуп иаҳҳәо, аҭырқәшәа зынӡагьы салацәажәаӡом. Ахәыҷы шаҟа бызшәа изҵо аҟара уи бзиоуп, аха ҳара ҳҿы аԥхьа игылазароуп аԥсшәа. Изҭаху иҵоит, ус сазхәыцуеит.

— Угәы иҭыхо, исҳәандаз ззугәахәуа акрыҟазар ажәа умоуп.

— Ҳара адемографиа иадҳәалоу ауадаҩрақәа ҳамоуп. Ауаа аароуп, уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡам. Зегьы шыбзиахо ала сгәы ҭынчуп. Аха, ҳара ҳнапала иҳацааиуа ҟаҳҵар, еиҳа ирласны ибзиахар ҟалап. Аҵарауаа рацәаҩны иҳамоуп, уи гәадуроуп. 80% процент аԥсуаа Аԥсны анҭыҵ инхоит. 20% роуп Аԥсны инхо аԥсуаа. Уи маҷуп, иаароуп, ихынҳәыроуп рыԥсадгьыл ахь. Абзиабара, агәыҳалалра аҵаҵаны иҟауҵо аус ҟамларц залшаӡом. Ҳқьабызқәа ҳрықәныҟәалар, ҳдырԥшӡоит.