Аԥыза-министр акарантин азы: аҳәаа ахысра дырԥсыҽыр алшоит

Аимҳәаҿкы ацәырҵра инамаданы Қырҭтәылеи Аԥсныи рҳәынҭқарратә ҳәаа аркуп 2019 шықәса ажьырныҳәа 11 инаркны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Егрытәи аҳәаа ахысра аԥкра политикатә ҵаҵӷәы амам, уи ззырхо Аԥсны ауааԥсыра ршәарҭадара ахьчароуп, ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр Валери Бганба Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны.

Агәабзиарахьчара аминистр аимҳәаҿкы зыхьыз рҭагылазаашьа далацәажәеит

"Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы аҳәаа ахысра аԥкрақәа ртәы ҳрылацәажәеит. Макьаназы акарантин аҿҳәара иацҵахоит. Асанитартә усбарҭақәеи амедицинатә маҵзурақәеи аҭагылазаашьа ахылаԥшра мҩаԥыргоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Валери Бганба иажәақәа рыла, аҳәаа иахысуа рхыԥхьаӡара аиҵатәра алыршахеит.

"Аԥкрақәа илҵшәоу аҭагылазаашьа ҟарҵеит. Агәабзиарахьчара аминистрра мчыбжьык аҩныҵҟа иҳарҳәараны иҟоуп акарантин иацҵатәу ирԥсыҽтәу. Аҳәаа ахысра ырмариахаргьы амедицина аусзуҩцәа уа иаанхоит, аҳәаа иахысуа ауаа ргәабзиаратә ҭагылазаашьа агәаҭаразы", - иҳәеит Бганба.

Қырҭтәылеи Аԥсныи рҳәынҭқарратә ҳәаа аркуп 2019 шықәса ажьырныҳәа 11 инаркны, агәыларатә ҳәынҭқарраҿы аштамм H1N1 иатәу аимҳәаҿкы ацәырҵра инамаданы.

Егрытәи аҳәаа ахысра ԥкуп аимҳәачымазара иахырҟьаны