Агәабзиарахьчара аминистр аимҳәаҿкы зыхьыз рҭагылазаашьа далацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәабзиарахьчара аминистр аимҳәаҿкы зыхьыз рҭагылазаашьа далацәажәеит
Агәабзиарахьчара аминистр аимҳәаҿкы зыхьыз рҭагылазаашьа далацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит аштамм H1N1 иатәу аимҳәаҿкы (свиной) шыҟоу азы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аимҳәаҿкы зыхьыз руаӡәы ида егьырҭ иахьазы ргәабзиара аҭышәынтәалара иаҿуп, ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.

Аимҳәаҿкы змоу рҭаацәеи рыуацәеи апрофилактикатә хәышәтәыра иахысит - Sputnik Аҧсны
Аимҳәаҿкы змоу рҭаацәеи рыуацәеи апрофилактикатә хәышәтәыра иахысит

"Ачымазцәа руаӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп, Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп. Аимҳәаҿкы адагьы ицәырҵны иҟоуп асезонтә хьҭалалара (ОРЗ)", - ҳәа иҳәеит тиара.

Аминистр иажәақәа рыла ашколхәыҷқәа рыбжьара аимҳәаҿкы аҭыԥ амам.

"Иҟоуп ахәыҷқәа ахьҭа злаланы иҳаднагало. Акарантин рылаҳәара мҩаԥысыр алшоит 100 000-ҩык рыбжьара 450-ҩык чмазцәазар", - иҳәоит аминистр.

2019 шықәса ажьырныҳәа 10 раахыс ақырҭуа-аԥсуа ҳәаа аркуп ҩымз ҳәа ҿҳәарас иаҭаны.

Ажьырныҳәа 29 азтәи аамҭазы Аԥсны аимҳәаҿкы рыхьуаны ишьақәыргылоуп быжьҩык ауаа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0