Аҧсны жәлар рартист Анри Ферзба 65 шықәса ихыҵит

Анри Ферзба Аҳәынҭқарратә ансамбль аҿы аус иуеит, иара убас Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭаҟны ахореографиа ахырхарҭала аҿар аҵара дирҵоит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Аҧнсы зҽаҧсазтәыз аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи ансамбль ахкынагӡаҩ, Аҧсны жәлар рартист Анри Ферзба 65 шықәса ихыҵит жәабран 11 рзы.

"Иахьа ашьыжь инаркны ауаа аҭел асра иалагеит, сҩызцәа. Аусура санааи схы-сгәы иҭамкәа уаанӡатәи ҳастудентцәа ашә аартны иааҩналеит, иҟалаз сзымдырӡеит. Иааиз ашәаҳәара акәашара иалагеит, уи даара сгәы иаахәеит, сколлегацәа зегьы исыдырныҳәалеит", - иҳәеит Ферзба.

"Аԥсуа ҟармаҵыс" Лиудмила Логәуаԥҳа диижьҭеи 80 шықәса ҵит

Адныҳәаларақәа иацырҵеит иахьа Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа астудентцәа.

"Аҳамҭа ухзыртәало аӡәгьы иуиҭаӡом, аха гәык-ԥсыкала сахьыргәалашәаз убри сара ҳамҭа дуӡӡоуп ҳәа сахәаԥшуеит", - ациҵеит иара.

Ауаҩы пату аниқәырҵо, иџьабаа ҳаҭырла ианазнеиуа, усҟан иара иқәрагьы уиаҟара иныԥшӡом, азгәеиҭеит Анри Ферзба. 

"Зны-зынла санхәыцуа 65 шықәса схыҵҵәҟьама аасгәахәуеит. Сара схәыҷаахыс сҭаацәараҿы ашәаҳәара акәашара збон, анаҩс Аҳәынҭқарратә ансамбль аҿы аусура салагеит, абарҭ уқәра ухадыршҭуеит ҳәа сыҟоуп", - иҳәеит аиубилиар.

Анри Ферзба ашкол ахь дцаанӡагьы асценашҟа дцәырҵхьан, анаҩс иҩызцәагьы иаргьы ықәгылон Очамчыра, Аҟәа, Қарҭ, Москва.

"Апрофессионалтә сценаҿы 70-тәи ашықәс аахыижьҭеи сықәгылоит, уца рҳәаанӡа сыҟазаауеит, сыздыруам иахьынӡасылшо аха. Ансамбль "Шьараҭын" аҿы 25 шықәса скәашеит, аибашьра ашьҭахь саҟәыҵит акәашара, арҵаҩра сҽазыскит", - азгәеиҭеит иара.

Анри Ферзба ансамбль "Шьараҭын" аҟны акәашара даҟәыҵит, аха  иахьа уажәраанӡа ашәаҳәара иациҵоит Аҳәынҭқарратә ансамбль аҿы. Аиубилиар иҭаацәараҿы зегьы аҟазара рнапы алакуп, ашәа рҳәоит, икәашоит, ихәмаруеит жәлар ринструментқәа рыла.