"Аԥсуа ҟармаҵыс" Лиудмила Логәуаԥҳа диижьҭеи 80 шықәса ҵит

© Foto / архив семьи ЛогуаЛюдмила Логуа. 1968 год
Людмила Логуа. 1968 год - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә оператә шәаҳәаҩы Лиудмила Лагәуаԥҳа диижьҭеи 80 шықәса аҵра инамаданы лҩызцәеи лҵаҩцәеи ргәалашәарақәа анылҵеит Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Абаҩхатәра ду злаз раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә оператә шәаҳәаҩы, Аԥсны Жәлар рартистка, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Лиудмила Андреи-иԥҳа Логәуа лырҿиаратә ҟазареи, лԥышәа ҳараки, лыуаҩреи ҳаԥсуа жәлар рҭоурыхтә культура наунагӡа иазынхоит.

Лиудмила Лагәуаԥҳа Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа инаркны Қарҭтәи, Киевтәи аҳәынҭқарратә консерваториақәа рҟынӡа днанагеит, аҵара лҵон, 70-тәи ашықәсқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы солист-вокалистс дыҟан. Амузыкатә ҟазара ахырхарҭақәа зегьы ҩаӡара ҳаракырала илыцааиуан. Амилаҭтә культура аԥҵамҭақәа шьаҭас иҟаҵаны лара лоуп раԥхьаӡа акәны аоператә музыкатә традициа хацзыркыз. Аҿар реиҵааӡараҿы, арҿиаратә интеллигенциа амузыкатә хәышҭаараҿы реидкылара аус аҿы лымч-лылша дамеигӡеит, уимоу лара дахьынхоз лхатә уадаҿы лассы-лассы еиҿылкаауан арҿиаратә хәылԥазқәа.

"Апрофессионалтә нагӡаратә школ аҭоурых аҟны, Лиудмила Андреи-иԥҳа лхаҿсахьа иналукааша акакәны иаанхоит. Акыршықәсатәи лырҿиаратә ԥсҭазаара мҽхакы рацәала иҭбаан, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны аус луан, аихьӡарақәагьы лыман. Зегь раԥхьаӡа иргыланы аҟазара ҷыда злаз аоператә шәаҳәаҩын, уи аганахь ала аҵарадырра ҳаракы лыман", - ҳәа лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит амузыкаҭҵааҩы Асида Царгәышԥҳа.

Асида Царгәышԥҳа излалҳәо ала, хаҭала лара лырҿиаратә ԥсҭазаараҿы Лиудмила Лагәуаԥҳа анырра ӷәӷәа ҟалҵеит, ирацәан илзеиҭалҳәоз ажәабжьқәа, урҭ рахь иҟоуп ҳара ҳҟынӡагьы иаалгаз.

"Украина Жәлар рартист Мариа Едуард-иԥҳа Донец-Тессеир Лиудмила Андреи-иԥҳа лырҵаҩ лакәын, иарбан усзаалак аҟны адгылара лылҭон, аҵара лзырҵоз зегьы дрылылкаауан, аиашазы уи иҟалҵаз анырра иабзоуроуп Лиудмила Лагәуаԥҳа шәаҳәаҩ дук лаҳасабала лхаҭара ашьақәгылара", - лҳәеит Царгәышԥҳа.

© Foto / архив семьи ЛогуаЛюдмила Логуа, студенческие годы
Аԥсуа ҟармаҵыс Лиудмила Логәуаԥҳа диижьҭеи 80 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Людмила Логуа, студенческие годы

Аоператә шәаҳәаҩык лаҳасабала Лиудмила Лагәуаԥҳа лықәгыларақәа зегьы рҿы шьахәла лхы аалырԥшуан, ахәаԥшцәа рхыхра дақәшәон. Асида Царгәышԥҳа илгәалашәоит, Қарҭтәи аконсерваториаҿы аҵара анылҵоз лыстуденттә аамҭақәа рзы, Лиудмила Андреи-иԥҳа иара убри аконсерваториаҿы лықәгылара.

"Ҳаамҭазтәи ашаеҵәақәа Хьыбла Герзмааԥҳаи, Алиса Гыцԥҳаи раԥхьа, ас еиԥш аҩаӡара змаз ашәаҳәаҩ хатәра дҳамамызт, Лиудмила Лагәуаԥҳа леиԥш. Иахьеиԥш исгәалашәоит лара дызлахәыз усҟантәи аспектакль, лыбжьы ссир анаҩсангьы асценаҿы иаалырԥшыз артисттә ҟазара. Иара убас, акамертә концертқәа рҟны ҟазарыла лхы шаалырԥшуаз", - ҳәа азгәалҭоит Асида Царгәышԥҳа.

Асовет аамҭақәа рзы, ашәаҳәаҩ аконцертқәа рылҭон еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟны, атәым ҳәынҭқаррақәа дырҭаауан. Лыбжьы ссир ханарҭәаауан лара лҭеиҭыԥш ԥшӡагьы.

Алхас Ферзба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аоператә шәаҳәаҩы: артист еснагь ихы аус адиулароуп, ҭынч ԥсҭазаара имам

"Аконцертқәа лыманы дықәгылон Москва, Ленинград, Львов, Кишиниов, Рига уҳәа ақалақьқәа рҟны. Иара убас, Пицундатәи ауахәамаҿы даара қәҿиарала дшәаҳәон, еицырдыруаз ауарӷанарҳәаҩцәеи лареи еицықәгылон, иҿыцыз арепертуар аҿы лхаҭара аартра иацхраауан. Еиуеиԥшым аепохақәа ирыҵаркуаз "Аве-Мариа" аконцертқәа рциклқәа дрылахәын. Урҭ иахьа уажәраанӡагьы ҳауаажәлар гәахәала иргәаладыршәоит", - лҳәеит амузыкаҭҵааҩы.

Рҵаҩык лаҳасаба алагьы, Лиудмила Лагәуаԥҳа илыллыршеит лбаҩхатәра аарԥшра. Иаҳҳәарц ҳалшоит лҟазара аҳәаақәа акыр иҭбаан, ганрацәала еиларсын ҳәа. Акыраамҭа акәымзаргьы аибашьра ашьҭахь шықәсқәак амузыкатә ҵараиурҭаҿы аус луан, лхатә принципқәа лыман. Аҵараиурҭаҟны аусура данаҟәыҵ, лырҿиаратә ԥсҭазаара иацылҵеит лыҩны. Илааӡоз лҵаҩцәа рбаҩхатәра аӡыргаразы ахәылԥазқәа рзеиҿылкаауан. Аклассикатә музыка абзиабаҩцәа адыԥхьаланы аиԥыларақәа мҩаԥылгон.

"Аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа ааԥхьара рылҭон, лысасцәа ачеиџьыка рзеиҿылкаауан. Иара убраҟа ицәырылгон лҵаҩцәа рҟазарагьы, ахәылԥазқәа рзы ҷыдала еиқәлыршәон арепертуар ҿыцқәа. Ахәыҷыԥшқақәа сыман, аха лара илыбзоураны смузыкаҭҵааратә ус иацысҵартә иҟалҵеит. Аамҭаказы, лара лырҿиаратә хәылԥазқәа рымҩаԥгара снапы ианылҵеит. Даара аҵарадырра ҳаракы змаз рҵаҩын", - ҳәа азгәалҭоит Царгәышԥҳа.

© Foto / архив семьи ЛогуаЛюдмила Логуа
Аԥсуа ҟармаҵыс Лиудмила Логәуаԥҳа диижьҭеи 80 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Людмила Логуа

Лиудмила Лагәуаԥҳа лҟазара аҳәаақәа араҟа инҵәомызт, лара лхала илыҩуан амузыка, алирикатә романсқәа. Лара илыман бзиа илбоз авторцәа, ҳаԥсуа поетцәа раԥҵамҭақәа ирылхны илыҩуан амузыка, анаҩс аконцертқәа рҟны урҭ лара лҵаҩцәа инарыгӡон.

"Аԥсуа культураҿы иухамшҭуа хҭысны иаанхоит акомпозитор Шведов иопера "Аламыс" аҟны лықәгылара. Ари раԥхьатәи аԥсуа спектакльын, иқәыргылан Аԥсуа драматә театр асценаҿы. Уаҟа лара иналыгӡон ароль хадақәа руак, аԥсуа ҭыԥҳа Назира лпартиа, еицырдыруа ҳашәаҳәаҩ Борис Амҷбеи лареи", - лҳәеит амузыкаҭҵааҩ Асида Царгәышԥҳа.

Амҷба Лиудмила Логәуаԥҳа илызкны: ашәаҳәара лгәы-лыԥсы, лшьа-лда иалан

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, амузыкатә ҿиара ахырхарҭа ҳазҭагылоу аамҭазеиԥш иҟамызт аҭагылазаашьа. Убри аҟынтә лара иаԥылҵаз атрадициа ҿыц инамаданы, ашәаҳәаҩцәеи амузыка абзиабаҩцәеи еималдон, цҳас дрыбжьан.

Лара лҵаҩцәа ируаӡәку, иахьа зыхьӡ-зыԥша еидкыланы ирҳәо ашәаҳәаҩ ҟаза Асҭамыр Кәыҵниа излаиҳәо ала, асахьаҭыхра инаҷыданы ашәаҳәара адунеи дагәылазгалаз Лиудмила Лагәуаԥҳа лоуп.

"Сара ашкол саналга, 2000 шықәса рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы асахьаҭыхра аҟәша сҭалеит. Убри ашықәсан ауп ҳанеибадыр Лиудмила Андреи-иԥҳаи сареи. Саҳәшьеиҵбы афортепиано лҽазыҟалҵон Лиудмила Лагәуаԥҳа илзааигәаз лҩыза, акомпониатор Еҭери Ҭадекиан лҟны. Зны ус дсазҵааит: "Ашәаҳәара уҭахӡами, сара шәеибасырдыруеит Лагәуаԥҳаи уареи ҳәа", - абас игәалашәарақәа хациркит Асҭамыр ҳаниҿцәажәоз.

Астамур Квициния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыҵниа амультфильм "Леони Наалеи" иазкны: ахәыҷқәа рзы иааӡагоуп

Асҭамыр Кәыҵниа дхәыҷаахыс аҟазара бзиа ибон, акәашара далан, еиҳаракгьы асахьаҭыхра дазҿлымҳан, ашәаҳәара аганахьала акагьы даҿымызт.

"Усҟан 16 шықәса ракәын исхыҵуаз. Саби сареи ҽнак Лагәуаԥҳа ҳалҭааит. Лара лыҩнакәын аҿар ахьазыҟалҵоз, дахьрыцхраауаз, лгәы-лыԥсы зегьы ахҭнылҵон абри аус. Аклассика аганахь ала иаҳҳәозар, еиҳа ирацәаҩхар лҭахын ашәаҳәаҩцәа. Дысзыӡырҩит, нас ус салҳәеит: "Абри аганахь ала амҩа уанылар уҭахызар аҵара рацәаны иуҵароуп ҳәа". Аиаша шәасҳәап, усҟан сара исыздыруамызт саԥхьаҟа амҩа хара шышьҭаз, даҽа дунеик шысзаатуаз", - дҳацәажәон Асҭамыр Кәыҵниа.

Лиудмила Лагәуаԥҳа усҟан Асҭамыр Кәыҵниа иаацәырган илҭеит шәҟәык, ахы инаркны аҵыхәанӡагьы даԥхьар шакәыз наиалҳәеит.

Азыӡырҩра инеиз арԥыс қәыԥш иаразнак аҵарадырра адунеи даанахәартә иҟалҵеит аҟаза. Уи, хымԥада, Асҭамыр изы иџьашьатәхеит.

"Абжьы умоуп, ишахәҭоу еиԥш аус адулатәуп, иқәыргылатәуп лҳәеит. Ажәакала, хәыҷы-хәыҷла саанахәо салагеит ҿыц нап зласкыз аус. Фымз рнаҩс, еиҳа имариаз ашәақәа слырҵан схы аласырхәит ахәылԥаз. Даара сгәы хыҭ-хыҭуан уи амш азы, избанзар сара сзы уи раԥхьатәи қәгыларан. Ахәылԥаз еиднакылоз аиҳабацәа, аҿарацәа рацәаҩын", - ҳәа азгәеиҭоит Кәыҵниа.

Асҭамыр Лиудмила Андреи-иԥҳа лахь аҽазыҟаҵара даанеи, шықәсқәак иара иаԥхьа уахь дныҟәон Ҭамара Воронова. Асҭамыри лареи адуетқәа рзеиҿылкааит аԥышәа роурц азы. Арҵаҩы нага хеигӡарак ҟамҵакәа лҵаҩцәа лхы-лыпсы зегьы рыхҭнылҵон, лдыррақәа рымалдон.

"Фышықәса рыҩныҵҟа исгәалашәом урокк бжьасыжьхьан ҳәа. Аҿар рахь азнеишьа бзиа лыман. Асахьаҭыхреи амузыкеи еиласыгӡон. Аҵараиурҭа аҭаларазы сазыҟалҵо далагеит, нас уантә аконсерваториахь сиасырц. Ус, Краснодартәи акультуратә институт аконсерваториа акафедра саанахәеит. Аҵара анысҵозгьы лара лахь саалон, дацклаԥшуан сыбжьы, исыгыз-исыбзаз салҳәон", - игәалаиршәоит Кәыҵниа.

Краснодартәи аконсерваториа аҩбатәи акурс аҿы дыштәаз, Асҭамыр Кәыҵниа солистк иаҳасабала, Гатов ихьӡ зху амузыкатә театр ахь солистс иԥхьеит, уаҟа ԥшьышықәса аус иуит.

"Аҵара анысҵоз аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы машәырла лшьапқәа ԥҵәеит. Лара ак ҟамҵакәа ҭыԥк аҿы дызтәаӡомызт. Ақыҭахь дцалон, лан акыршықәса дычмазаҩны дышьҭан, уахь дцаны дбаны, ақыҭа аусқәа ҟаҵаны ҳаргьы дҳахьӡон, дҳацхраауан, аҵара ҳлырҵон, илымаз лхьаагьы лынлырԥшуамызт. Асинтезатор хәыҷык сыман, лыҩныҟа исыманы сцалон, дтәаны иаҳлырҵон", - дҳацәажәон Асҭамыр Кәыҵниа.

Акыршықәса раахыс Лиудмила Лагәуаԥҳа асценаҿы ашәаҳәара даҟәыҵхьан, уи иара ахатә мзызқәа аман, иҟан ауадаҩрақәа, аклассика арҿиара иҵегьы ахаҵгылара амазар лҭахын, уи лара акыр хьаас илыман.

Алиса Гицба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцԥҳа лымшира азгәалҭоит

"Ашәаҳәара анаҩсангьы, асценаҿы ахымҩаԥгашьа шаҭахыз слырҵон. Аконсерваториа санҭала, хымԥада иацысҵаз рацәоуп. Лара лҿы снанамгазтгьы, сара иахьа шәаҳәаҩык иаҳасабала сшьақәгыланы сҟалаӡомызт. Ҳаҟазшьақәа еиқәшәеит, саргьы сызлаго аус сзаҟәыҵӡом. Асценаҿы иаасырԥшуа абаҩхатәра еиҳарак лара исылалҵаз ауп, лара лыбзоуралоуп сҵарадырра ишацысҵазгьы, иҟоуп инасыгӡо лара лхатәы ашәақәагьы", - иҳәеит ашәаҳәаҩ.

Ауаҩытәыҩса илоу аҟазара аарԥшра, арҿыхара иацхраауа ауаҩы иааигәа даныҟоу, амҩа иаша данықәиҵо, хымԥада алҵшәа маиурц залшом. Уи дахаҿырбагоуп Лиудмила Лагәуаԥҳа лааӡамҭацәа ируаӡәку, Аԥсуа ҳәынҭқарратә камертә оркестри, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә оркестри рсолист, асахьаҭыхҩы, амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа.

Анык лаҳасабала аҿар ирзыҟаз, абжьы ссир зхаз, абзиара аҟаҵара еснагь иашьҭаз, заԥсуа ламыс заԥхьа игылаз, ачеиџьыка зцыз Аԥсны Жәлар рартист Лиудмила Андреи-иԥха Логәуа лыԥсҭазаара далҵит 2013 шықәса рзы. Лара илыллыршеит еицакра зқәым лыхьӡ ҳаракы аԥсуа культура аҭоурых азныжьра, еизҳауа абиԥарақәа лԥышәеи лҟазареи рымадара.

Ажәабжьқәа зегьы
0