РУСДРАМ аҿы ахәыҷтәы театртә студиа аадыртуеит

РУСДРАМ ахәыҷтәы студиахь адкыларазы арзаҳалқәа наргоит жәабран 11-20 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аурыс драматә театр аҿы ихдыртраны иҟоуп ахәыҷтәы студиа ҳәа Sputnik  иазеиҭеиҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

"Ирацәаҩны ҳахәаԥшыҩцәа аҳәара ҟарҵахьеит атеатр аҿы ахәыҷтәы студиа аартызарц. Араҟа ԥхьаҟатәи артистцәа аԥхьатәи аԥышәа роур алшон. Уажәы ирылаҳҳәеит арзаҳалқәа шҳадаҳкыло", - иҳәеит Хынҭәба.

Арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит ашәахьа, жәабран 11 рзы. Ирыдыркылоит жә-шықәса ирҭысхьоу ахәыҷқәа. уажәнатә жәаҩык рырзаҳалқәа наргахьеит.

Ҭодуа: атеатр ахь иааиуа аԥсышәала дхәыцуазароуп

Ахәыҷәты студиаҿ азыҟаҵарақәа мҩаԥыргалоит РУСДРАМ актиорцәа.

"Ахәыҷқәа еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа ирылаҳархәуеит. Аамҭақәак рышьҭахь аспектакль ҷыда ықәҳаргылашт. Актиор дхәыҷаахыс ари азанааҭ дадҳәалазароуп. Иалшоит иахьатәи арҭ ахәыҷқәа уаҵәтәи  апрофессионалтә актиорцәаны иҟалар", - ҳәа иҳәоит адиректор хада.

РУСДРАМ ахәыҷтәы студиахь рыдкыларазы арзаҳалқәа наргароуп жәабран 20 рзынӡа. Зынӡа ирыдыркылараны иҟоуп 15-ҩык ахәыҷқәа.