Аладатәи арратә округ аминаршәыҩцәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Урыстәыла Аладатәи арратә округ аминаршәыҩцәа Аԥсны рҽазыҟаҵарақәа ирылахәын хәышәҩык рҟынӡа аррамаҵзурауааи 200 рҟынӡа арратә техникеи.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа Аԥсны раԥхьаӡа акәны ахысрақәа мҩаԥыргеит "еиҭаҵуа" аминаршәгақәа рхархәарала, аполигон Ҵабал аҿы. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аруаа уахынлатәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

70 рҟынӡа хықәкы, акәылӡ маҷ змоу аӷа итехника аимитациа азызуаз, шьаҽын. Ҷыдала азхьаԥшра рыҭан аҳаракырақәа, абнацәаҳәақәа инархыкны иҟаз ахықәкқәа. Ахықәкқәа рыԥшаауан ҳаамҭазтәи аԥшыхәратә комплексқәа рыцхыраарала, аимадаратә хархәага  "Стрелец"ала.

Автомашьына "КамАЗ" иақәыргылаз аминамиотқәа шьақәыргылоуп иахьатәи аамҭазы иҟоу аибашьрақәа рԥышәа ахархәарала. Дара иалдыршоит акыр еиҳау "аӷа" имчрақәа рҿагылара, ирбаанӡа, иаарласны рҭыԥ аԥсахра.

 Урыстәыла Аладатәи арратә округ аминаршәыҩцәа Аԥсны рҽазыҟаҵарақәа ирылахәын хәышәҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа – аиҳарак ҿыц аррахь инаԥхьоу рҟынтә, 200 рҟынӡа арратә техникеи.