Астанциа маҷ "Сухум-1" аҟны авариа ҟалеит

Жәабран 20 рзы Аԥсны иахьаҵанкуа зегьы афымцалашара дырцәеит асааҭ 11:00 инаркны 14:00 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 20– Sputnik, Бадри Есиава. Атәыла иахьаҵанакуа зегьы афымцалашара арцәара актәи амш аҽны ианаамҭаз зехьынџьара афымцалашара рыҭан Аҟәа ақалақь агәаҿы ада, астанциа маҷ "Сухум-1" аҿы иҟалаз авариа иахҟьаны. Абри атәы Sputnik иазаарыцҳаит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҟынтә.

Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи афымца арцәара ишазыҟаҵоу далацәажәеит

Аилахәыра адыррақәа рыла, абригада аҭыԥ ахь инеит, аусурақәа мҩаԥысуеит.

ЕгрыГЕС зынӡа аусура аанкыламхарц азы Аԥсны иахьаҵанакуа  жәабран 20 инаркны афымцалашара дырцәалоит ҳәа аанацҳаит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Жәабран 19, 2019 шықәса рзы иҟоу азыԥхьагәаҭарала ЕгрыГЕС хәажәкыра-мшаԥы амзақәа рзы 310 миллион киловатт-сааҭ афымцамч арҿиара алшоит. Убри аан Аԥсны афымцамч ахархәара 366 миллион киловатт-сааҭ итәоит. Адефицит 56 миллион киловатт-сааҭ шьақәнаргылоит ҳәа аҩуеит аиҿкаара апресс-маҵзура.