Арадио

Sputnik Аԥсны акорреспондент: афымцалашара аҟамзаара апассаџьыртә транспорт ианырит

Ҳтәылаҿы афымцалашара арцәара атранспорт ишанырыз, насгьы ауааԥсыра уи азы ирымоу агәаанагара атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа Аҟәатәи аџьырмыкьаҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҭызҵаауаз Бадраҟ Аҩӡба.
Sputnik

"Аџьырмыкьа акәша-мыкәша абжьааԥнеиԥш ауаарацәа гылан. Урҭ рахьынтә иҟан есымш атроллеибус ала инеиааиуагьы. Афымцалашара шдырцәо атәы ажәабжь здыруаз дыҟан, иззымдыруазгьы дубарын. Шьоукы "жәеиза рҳәан, жәаба рзы иалагеит" ҳәа агәынамӡара аадырԥшуан. Иҳәатәуп атроллеибус зхы иазырхәо ауаа рхыԥхьаӡара шырацәоу, ахә мариоуп, иманшәалоуп. Аха ари ауаажәларратә транпсорт аанкылара ицәырнагаз ауадаҩрақәагьы ыҟоуп. Автобусқәеи амаршруттә таксиқәеи ҭәны ицоит, амҩан иаангылаӡом. Иуҳәар ҟалоит атранспорт аганахьала афымцалашара арцәара анырра анаҭоит ҳәа", - азгәеиҭеит Аҩӡба. 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.