"Аԥсныбылтәы" афымцалашара арцәаразы: агаз азхара ҳамоуп

Жәабран 20 рзы Аԥсны иахьаҵанкуа зегьы афымцалашара дырцәеит асааҭ 11:00 инаркны 14:00 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 21– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспубликаҿ агаз ауааԥсыра рызхара ыҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныбылтәы" адиректор ихаҭыԥуаҩ Валери Антонов.

Астанциа маҷ "Сухум-1" аҟны авариа ҟалеит

"Ҩымчыбжьа раԥхба 150 тонна агаз аагеит. Мчыбжьык ашьҭахь иара убриаҟара аараны иҟоуп. Убас ала хымз рыҩныҵҟа агаз азы ареспубликаҿы проблема ҳаураны иҟаӡам", - иҳәеит иара.

Анаплакы макьаназ агаз аҭахра анализ ҟанамҵац, избанзар афымцалашара дырцәоижьҭеи макьана мышкоуп иҵуа.

"Анаплакы макьаназ агаз аҭахра анализ ҟанамҵац, избанзар афымцалашара дырцәоижьҭеи макьана мышкоуп иҵуа. Аамҭақәак рышьҭахь еилкаахоит аха ишысҳәаз еиԥш агаз азы еиҵахара ҟалом", - иҳәеит Антонов.

Агаз ахархәара аҽарҭбааргьы "Аԥсныбылтәы" "Роснефть" ахь азыҳәа ҟанаҵар алшоит.

"Агаз ахархәара аҽарҭбааргьы "Аԥсныбылтәы" "Роснефть" ахь азыҳәа ҟанаҵар алшоит. Мышқәак рыҩныҵҟа Аԥсныҟа агаз ааргоит", - иҳәеит адиректор ихаҭыԥуаҩ.

ЕгрыГЕС зынӡа аусура аанкыламхарц азы Аԥсны иахьаҵанакуа жәабран 20 инаркны афымцалашара дырцәалоит ҳәа аанацҳаит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Жәабран 19 2019 шықәса рзы иҟоу азыԥхьагәаҭарала ЕгрыГЕС хәажәкыра-мшаԥы амзақәа рзы 310 миллион киловатт-сааҭ афымцамч арҿиара алшоит. Убри аан Аԥсны афымцамч ахархәара 366 миллион киловатт-сааҭ итәоит. Адифицит 56 миллион киловатт-сааҭ шьақәнаргылоит ҳәа аҩуеит аиҿкаара апресс-маҵзура.