АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аиҳабыреи Урыстәылеи жәабран 27 инаркны ареспубликахь урыстәылатәи афымцамч аашьҭразы еиқәышаҳаҭхеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба.
"Жәабран 27, ашьыжь асааҭ 9:00 инаркны Урыстәылантәи афымцалашара ҳхы иаҳархәо ҳҟалоит. Арахь иаҵанакуеит Гәдоуҭа, Гагра, Аҟәа ақалақь ахәҭак. Егьи иаанхо Аԥсны аҵакыра ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара шаиуц иаиулоит. Иҳауа афымцамч ахаҭабзиара ҳәарада иҳаракуп", - ҳәа иҳәоит аԥыза-министр.
Жәабран 19, 2019 шықәса рзы иҟоу азԥхьагәаҭарала, ЕгрыГЕС хәажәкыра-мшаԥы рзы 310 миллион киловатт-сааҭ афымцамч арҿиара алшоит. Убри аан Аԥсны афымцамч ахархәара 366 миллион киловатт-сааҭ итәоит. Адефицит 56 миллион киловатт-сааҭ шьақәнаргылоит.
ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. ГЕС агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿы иҟоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла.
ЕгрыГЕС алшара 1300 мегаватт инаӡоит.