Аԥсуа поезиа ашедеврқәа асценаҿтәи рыԥсҭазаара

Sputnik

Абри иазкны инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар шәылшоит абра>>

1 / 10
Жәабран 26 рзы Аԥсуа драматә театр асценаҿы имҩаԥысит "Аԥсуа литература ашедеврқәа" аҩбатәи ахәылԥаз. Афото аҟны: актриса Аманда Кәарцхьиаԥҳа.
2 / 10
Атеатр актиорцәа ирыԥхьеит аԥсуа литература аклассикцәа иалкаау ражәеинраалақәа.
3 / 10
Аԥсуа лирика иара убас иалашәеит Пушкин ирҿиамҭакгьы.
4 / 10
Апоезиатә хәылԥазы еиднакылеит ажәа сахьарк абзиабаҩцәа маҷымкәа.
5 / 10
Ахәылԥаз гьама ҳаракыла еиҿкаан. Афото аҟны: Асҭан Агрба.
6 / 10
Афото аҟны: актриса Гәында Ажьиԥҳа.
7 / 10
Апроект иалахәын актиор хатәрақәа реиԥш ақәыԥшцәагьы.
8 / 10
Алирикатә цәаҳәақәа ахәаԥшцәа ргәаҵанӡа имнаӡар залшомызт.
9 / 10
Уажәшьҭа ҩынтәуп Аԥсуа драматә театр асценаҿы апоезиа ашедеврқәа рыхәылԥаз мҩаԥысуеижьҭеи.
10 / 10
Апроект аԥхьаҟагьы иацҵахоит.