Аԥсуа литература ашедеврқәа атеатр асцена иқәыҩит

© Sputnik / Томас ТхайцукТворческий поэтический вечер "Шедевры абхазской поэзии" в драмтеатре
Творческий поэтический вечер Шедевры абхазской поэзии в драмтеатре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 26 рзы С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр асценаҿы имҩаԥысит апроект "Аԥсуа литература ашедеврқәа" аҩбатәи ахәылԥаз. Уи ауха апоезиа аҳра ахьауаз атеатр даҭааит Sputnik акорреспондент, апоет қәыԥш Аинар Ҷыҭанаагьы. Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит иазирхиаз аматериал.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Апоезиа цаҳә-цаҳә

Ацгәы ԥсы адәахьы иузкаршәуам ҳәа ззырҳәо ахьҭа аҿан адәныҟа. Амшын аԥшаҳәакәзар макьана уаҩԥсы дықәубаауам. Аԥсуа поезиа ашедеврқәа рыхәылԥаз сааҭбжак ашьҭахь иалагараны иҟоуп. Даҽаанызар аԥша хьшәашәа иалхәхәа аӡәгьы аара игәамԥхар ҟаларын. Аха апоезиа, еиҳаракгьы ҳара ҳмилаҭтә лирика, иреиӷьу ҳаԥҵамҭақәа ррифма цаҳә-цаҳә ахьыҟоу ауаҩы ахьҭа акышьас имозеи? Сымала заҵәык атеатр аԥхьа сгыланы сахьынӡаԥшыз азныказы агәыҩбарақәагьы сеимаркуан. Изаҭәоумшьо аҳәак иҟәнуп ҳәа, издыруада аҷыхьи ажәа сахьарки реиндаҭлараҿы зны-зынла ҳарҭ иаҳҟазшьоу аашьара аиааир? Аха уи ҟалашьа змам уск шакәу, адоуҳа еснагь ишаиааиуа дырҵабыргит ҩажәа минуҭ рыла Аԥсуа драматә театр азал зырҭәыз еинраалоу ажәа абзиабаҩцәа. Актиорцәа ракәзар асценахь ацәырҵра иахыццакуамызт, аха ахәаԥшҩы инапеинҟьара урҭгьы нарццакит.

© Sputnik / Томас ТхайцукТворческий поэтический вечер "Шедевры абхазской поэзии" в драмтеатре
Аԥсуа литература ашедеврқәа атеатр асцена иқәыҩит - Sputnik Аҧсны
Творческий поэтический вечер "Шедевры абхазской поэзии" в драмтеатре

Актәи ахәҭа алирика иазкын. Артистцәа ҿарацәа Лаҭынтәи Америка аритмқәа рыла "амца анақәырҵа" Лана Џьапуаԥҳа дрыԥхьеит Саида Делԥҳа лцәаҳәақәа. Ақәыргылаҩ-арежиссиор Гәдиса Ҭодуа ибаҩхатәра иабзоураны ари ажәеинраала еиԥш анаҩс изыԥхьаз егьырҭ ажәеинраалақәагьы досу ирзыԥшаан рҵакы гәылзыршәоз асценатә хаҿрақәа. Ара иҟан бзиа еибабо еиҟәызыҭхаз аихац еиқәаҵәа, иҟан ихьыраӡну аҳкәажә лтәарҭа, аҭыԥҳа ԥшӡа ажәҩанахь дхазгалоз-дылбаазгоз ауаргьала нашана. Кырӡа интересыз режиссиортә идеиан Иван Ҭарба иажәеинраала афырхаҵа хада бзиа иибоз лыда Аҟәаҟа дызмышьҭуаз "иныҟәо" амҩа…  Ҳәарада, зегьы инеибеиԥшны "икылыркааит" ҳәа аҳәара иашамзар ҟалап, ус ҟалашьагьы амаӡам. Ахәаԥшҩы еиҳа игәаԥхоз аҟны – анапеинҟьабжьгьы иаагәоуҭартә еиҳахон, убри аҟнытә ахәшьара аҭарагьы уадаҩмызт. Ҵабыргыҵәҟьаны, асцена аҟнытә иааҩуан аԥсуа поезиа ашедеврқәа: Иван Ҭарба, Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Алықьса Гогәуа, Таиф Аџьба, Ҷыҷыкәа Џьонуа, Терент Ҷаниа, Мушьни Лашәриа, Гәында Сақаниа, Алықьса Лашәриа. Аԥсуа лирика иара убас иалашәеит Пушкин ирҿиамҭакгьы. Азныказы ари џьашьатәхеит, аха анаҩс аԥсышәала аиҭага аԥхьара ианалага еилкаахеит Пушкин "дызмааназ".

© Sputnik / Томас ТхайцукТворческий поэтический вечер "Шедевры абхазской поэзии" в драмтеатре
Аԥсуа литература ашедеврқәа атеатр асцена иқәыҩит - Sputnik Аҧсны
Творческий поэтический вечер "Шедевры абхазской поэзии" в драмтеатре

Аҩбатәи ахәҭа шьақәгылан Гәында Сақаниаԥҳа лажәеинраалақәа рцикл ала. Урҭ налыгӡон Аԥсуа драматә театр актиор Милана Ламиаԥҳа. Актәи ацәаҳәа инаркны ахәаԥшҩы-азыӡырҩы лара лыгәра игахьан, избанзар ажәеинраалацыԥхьаӡа хазы игоу ԥсҭазаарак-ԥсҭазаарак лабҿаба дыргәылалырԥшит, илырбеит даԥхьозар илаԥш зқәымшәар алшоз ацәанырра. Азал аҟны итәаз урҭ ацәаҳәақәа равтор  илоуаз агәахәара лхы-лҿы ианубаалон. Иара убас Ламиаԥҳа лаԥхьашьа рацәа ргәы иақәшәеит ахәаԥшцәагьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукТворческий поэтический вечер "Шедевры абхазской поэзии" в драмтеатре
Аԥсуа литература ашедеврқәа атеатр асцена иқәыҩит - Sputnik Аҧсны
Творческий поэтический вечер "Шедевры абхазской поэзии" в драмтеатре

Асцена агәҭаны иргылаз аишәа х-ҟәардәк адгылан. Хҩык аҳәса акаҳуа ыжәуа иахьтәоу реицәажәара апародиа нарыгӡеит Аԥсны Жәлар рартист Виолетта Маан, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистцәа Маиа Џьыкрԥҳаи Ира Коӷониаԥҳаи. Дара инеимда-ааимдо иаԥхьеит Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Сахьцалакгьы", Таиф Аџьба "Аԥшҩы лахь" ииҳәаз, насгьы Бганба и-"Сакьеи Шакьеи" рҭыӡшәа.

Творческий поэтический вечер Шедевры абхазской поэзии в драмтеатре - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа поезиа ашедеврқәа асценаҿтәи рыԥсҭазаара

Аҵыхәтәантәи ахәҭаҿы асценахь ицәырҵит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистцәа Ҭеимыраз Чамагәуеи, Кьасоу Ҳагбеи, Геннади Ҭарбеи. Чамагәуа инаигӡеит Даур Занҭариа иажәеинраала "Сышә аӡә дасит", Геннади Аламиа иажәеинраала "Аҽқәа ирымҩатәны". Ҭарба дрыԥхьеит Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Измырӡызеи жәытәаахыс ҳбызшәа", "Ахрашәа" ацыԥҵәаха. Ҳагба даԥхьеит Рауль Лашәриа иажәеинраала "Адәыкрын", Таиф Аџьба иажәеинраала "Амҩа". Аҵыхәтәанӡа артистцәа зегьы асценахь ицәырҵны Виолетта Маанԥҳа лашәа "Ишԥазури, исхароузеи" еицырҳәеит. Азал ашьапы иқәгыланы кыр аамҭаӡа ирзеинырҟьон.

Агәаанагарақәа

Аԥсны акультуреи акультуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа ахәшьара ҳаракы алҭеит Аԥсуа драматә театр иаԥшьнагаз апроект.

Вечер поэзии - Sputnik Аҧсны
"Аԥсуа литература ашедеврқәа" адраматә театр иҩныҩуан

"Ари хҭыс дууп, ҳәарада. Аԥсуа поезиа ашедеврқәа циклк аҳасабала есымза иазҿлымҳау ирыдгалалазар кыр ихәарҭахон, еиҳа-еиҳа урҭ рхыԥхьаӡарагьы иацларын. Иахьатәи ақәыргылара атәы ҳҳәозар, ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥысит", - лҳәеит лара.

Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иазгәеиҭеит артистцәа аԥсуа сахьаркыратә ажәа ахаара-бзаара аарԥшра шрылшаз, насгьы асценатә хәмаршьагьы шыҳаракыз.

"Уахатәи ақәыргыламҭа, аиашазы, ныҳәак еиԥш исыдыскылеит, избан акәзар даҽа зныкгьы агәра згеит ҳбызшәа аԥсы шҭоу, ҳлитературагьы шыҿио, аԥхьаҩцәа шамоу. Араҟа иалкаатәуп аиҿкаашьа, ҳпоетцәа рҩымҭа ссирқәа рӡыргара, асахьаркыратә ажәа иашьашәалоу аҩаӡара аҟынӡа анаӡара", - иҳәеит Ашәба.

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0