"Џьанаҭ сымҩахыҵит"

Ашьхақәа ирыбжьаку, аиаҵәара иамҽхаку, ашәҭқәеи аҵиаа ссирқәеи ирыгәҭылаку "Џьанаҭ" захьӡу, Ҭырқәтәыла Билеџьик ақалақь иаԥну Џьиҳан Ашәыҟәба иқьафурҭа аӡбахә змаҳац Ҭырқәтәыла инхо ԥсыуак дыҟамзар ҟалап. Ари аԥсыршьага ҭыԥ иаҭаауа ҳџьынџьуаа Аԥсны еиԥшныршьалозаап, уи ауп аԥшәмагьы "Џьанаҭ" ҳәа захиҵазгьы.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Џьиҳан Ашәыҟәбеи иԥшәмаԥҳәыс Џьаанан Абыҭԥҳаи рхатә џьабаала, рқьафурҭа "Џьанаҭ" дыргылеит, ахьӡ иаԥсахартә еиԥш еиҿыркааит. Аԥшәма инапала иҟаиҵаз акҿаҩрамаҭәала еибиҭеит. 

"Џьанаҭ" ашҭа уанааҭало улаԥш иҵашәоит аԥсуа ибзазара иадҳәалоу амаҭәарқәа, игылоуп аца. Аҩнуҵҟа акәзар, ақьафурҭа агәҭа ауаџьаҟ еиқәуп. Зехьынџьара иқәгылоуп ажәытә аԥсуа чыс маҭәа, амузыкатә инструментқәа. Хазы иалкаау акәакь аҟны иҽырбо икнаҳауп аԥсуа бираҟ, улаԥш иҵамшәар ауам Џьиҳан дызхыҽхәаауа ижәла адыргагьы.

"Џьанаҭ сымҩахыҵит"

"Ҳара раԥхьанатәгьы гәҭакыс иҳаман "Џьанаҭ" иаҭаауа Аԥсны иҟоушәа рхы рбаразы аҭагылазаашьа аԥҵара. Аԥсабара уеизгьы ари аҭыԥ арԥшӡеит, егьирахь ҳнапала ҳацхрааит", - иҳәоит Џьиҳан.

"Џьанаҭ сымҩахыҵит"

"Џьанаҭ" аԥхынра ҭаацәала иаҭаауеит. Араҟа афатә хаа адагьы, адәы ақәлара, ашәшьыраҿы аиара, аԥша ахәхәаҳәа иусуа ауаргьала ақәтәара акы иузалаҵом. Аӡынра акәзар, аԥсуа мца ахьеиқәу ауаџьаҟ адтәалара еиӷьу иҟоузеи.

"Џьанаҭ сымҩахыҵит"

Џьиҳан Ашәыҟәба сасра саниҭаа, сыԥсы злахаз, изныкымкәа зыӡбахә сҳәаз ауаџьаҟ ҳадтәаланы акраамҭа ажәабжьқәа ҳрылацәажәеит.

"Џьанаҭ сымҩахыҵит"

Аԥшәма исзеиҭеиҳәеит амҳаџьырраан Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз иабшьҭра рҭоурыхгьы.

"Сабду иабду иоуп ахҵәара иақәшәаз. Иԥа хәыҷы Наур диманы Самсун дыӡхыҵит. Аамҭакы ашьҭахь Билеџьик ақалақь ахь иааит. Араҟа "бзиала шәаабеит" ҳәа аӡәгьы иреимҳәеит, аҭырқәцәа аԥсуаа рыбзазара ашьақәгылара аԥырхага арҭон. Егьа уадаҩра рхыганы атәым дгьыл аҟны ршьапы адаркит", - еиҭеиҳәоит иара.

Фиқреҭ Чкәакәԥҳа лҟаб-агәырхаага

Џьиҳан дахьԥсыуоу ихы деигәырӷьоит, далаҽарбоит, далаԥагьоит.

"Аԥсуара аасҭа еиҳау аҵара ашколи ауниверситети рҟны иурҭаӡом рҳәон сандуи сабдуи, иагьиашаҵәҟьан. Ҳара ҳлеишәа иабзоураны егьырҭ амилаҭқәа ҳрыламӡит, уимоу, ҳшаԥсыуаау рдыруеит, ҳаҭыргьы ҳақәырҵоит", - ҳәа наҵеишьит аԥшәма.

Џьиҳан Ашәыҟәба угәы иахәаратәы аҷҷаҳәа аԥсышәала дцәажәоит. Иара иеиԥш иҟоу, атәым дгьыл аҟны инхо ҳџьынџьуаа ануԥыло уаҟара уцлоит, агәрагьы угоит ахаан аԥсуара шмыӡуа.