Сергеи Багаԥшь Џьгьардатәи игәылацәа ааигәақәа дыргәаладыршәоит

Sputnik акорреспондентцәа Аԥсны аҩбатәи ахада ииубилеи инадҳәаланы иԥсы зыҿҳәараз иқыҭа гәакьа Џьгьарда иаҭааит.
Sputnik

Хәжәкыра 4 рзы Сергеи Багаԥшь иԥсы ҭазҭгьы 70 шықәса ихыҵуазаарны. Абри амш азы уи иуацәеи, иуаажәлари ажәа ҟәандала дыргәаладыршәоит.