"Ишаҳдыруа еиԥш, аҭаацәараҟны уԥшәма имаҵ ууроуп, уҩны цқьазароуп, аԥҳәыс лҭеиҭпш дацклаԥшуазароуп. Есымша аҭыԥҳацәа ирасҳәоит:"Сыӡӷабцәа, аҭаацәара ҳалалеит ҳәа шәхы-шәгәы гәыгәҭыжьны иҟашәымҵан, есымша шәыԥшӡазароуп, есымша шәхаазароуп". Ажәытәан арԥыс аӡӷаб даниҳәоз асаркьеи ахҳәеи лыиҭон. Уи иаанагоз лхы ԥхьаҳәаны, асаркьа данԥшыланы лыҽлырԥшӡалар ауп ҳәа акәын. Аԥҳәыс иаҳагьы лхы дацклаԥшуазароуп, ахаҵа иҩны иԥырԥыруа иҩноу аԥҳәыс лҭеиҭԥшгьы хазыназароуп. Ахацәа бзиа ирбоит иҿаԥхаҿаччо иҟоу аҳәса. Абарҭқәа зегьы ирыцлаԥшлатәуп", - ҳәа азгәалҭеит Хәарааԥҳа.
Хәажәкыра 8 рзы аҳәса Жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит адунеи атәылақәа жәпакы рҟны. Аԥсны официалла ныҳәатә ԥсшьара мшуп.