Аԥҳәызбеи, аибашьыгатә ҟазареи: Саида Гәынԥҳа лҭоурых

Мрагыларатәи аибашьыгатә ҟазарахь иаҵанакуа аспорт хкы тхеквондо ITF аҿы 19 шықәса раахыс алҵшәа бзиақәа аазырԥшуа, аспорт азҟаза, амаҟа еиқәаҵәа занашьоу, актәи адан змоу, изныкымкәа Аԥсныи, аҳәаанхыҵи аицлабрақәа рҟны аԥхьахәқәа аанызкылахьоу, иахьа Гагра араион аҿарацәа азыҟазҵо Саида Гәынԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит ари аспорт хкы лгәазырԥхаз, анаҩс лыԥсҭазаара ишадылҳәалаз атәы.
Sputnik

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Саида Гәынԥҳа дшыхәыҷыз аспорт бзиа илбеит. Раԥхьатәи лықәҿиарақәагьы ашкол аҿы иаалырԥшуа далагеит. Абыжьбатәи акласс ахь даннеи, Оҭар Гәогәуа иазыҟаиҵоз тхеквондо ITF азы агәыԥ далалеит.

Абжьыуаа рыбҩарҵәыра, ма илабҿабоу аҭак

"Ҳара хҩык аиҳәшьцәа ҳаҟоуп. Сара сеиҵбоуп, аха еиҳа сеилҟьоуп. Убри азы акәхап, еиҳараӡак аҷкәынцәа иалырхуа аспорт хкы сыхшыҩ азцо изалагаз. Сҭаацәа ракәзаргьы аҿагылара арымҭеит, уимоу адгылара сзаадырԥшуан", - лҳәоит лара.

Саида Гәынԥҳа ашкол далгаанӡа, лазыҟаҵаҩ Аԥсныи, Урыстәылеи имҩаԥысуаз тхеквондо ITF азы аицлабрақәеи, ачемпионатқәеи рахь дишьҭуан. Аԥҳәызба аԥхьахәтә ҭыԥ лымамкәа аҩныҟа дмаацызт. Иахьа лыхраҿақәеи, лмедалқәеи еиқәуԥхьаӡоит ҳәа уалагар - иулшарым. Лара, изныкымкәа еизгоу Аԥснытәи, Урыстәылатәи акомандақәа дрыхәҭакны дықәгылахьан.

Саида аспорт дшазкызгьы, ашкол аҿы аҵара бзианы илҵон.

Алегенда №6, аиааиҩы имҩа: Витали Дараселиа игәаларшәара аҳаҭыраз

"Сара ашкол аҿы аҵара бзианы исҵон, убри аҟнытә аҽазыҟаҵаразы Адлери, Шәачеи саныршьҭуаз, мамзаргьы аицлабразы ақалақь харақәа рахь ҳанцоз сырҵага шәҟәқәа згон. Адәыӷбаҿы аурокқәа ҟасҵон", - илгәалашәоит аспортсмен.

Ашкол ашьҭахь, Саида Гәынԥҳа латәарада дҭалоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет, апедагогикатә факультет, абҩарҵәыреи, аспорти рыҟәша. Лара аҵареи, аусуреи еилалгӡо далагоит.

Ҷыдала аимператор изы: Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы аҭоурых

"Аспорт аҿы аԥышәа сыман аҟнытә, аусурахь саарыԥхьоит сзылгаз Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ахь, абҩарҵәыра арҵаҩыс. Араҟа хәышықәса амаҭәар мҩаԥызгеит, убас, сықәратәии, сыкапантәии категориала аицлабрақәагьы срылахәын", - ҳәа ҳаиллыркааит Саида.

Аԥҳәызба ауниверситет дахьынӡаҭаз, лырҵаҩцәеи, лҩызцәеи машәыршақә ателехәаԥшреи, агазеҭқәеи рыла акәын леихьӡарақәа ртәы шеилыркаауаз. Знызаҵәыкгьы, сыхәшьарақәа еиӷьхоит ҳәа далаҽхәо иҟамлацызт. Аҭыԥҳа Мрагыларатәи аибашьыгатә ҟазара дахьазҿлымҳаз азы алаф ларҳәон. Аха лықәҿиарақәа иреигәырӷьон.

Саида аҭаацәара даналала, шықәсқәак аспорт аҟны аԥсеиҭакра ҟалҵеит. Уажәы, Гагра араион тхеквондо ITF азы аҿар азыҟалҵоит. Агәыԥқәа еиҿкаауп Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №2, Алаҳаӡыхьтәи абжьаратә школ №2 рҟны. 50-ҩык рҿынӡа ааӡамҭацәа лымоуп. Саида лҵаҩцәа дыруаӡәкыуп лыԥҳа хәыҷы Амелиа. Ааигәа лара раԥхьаӡакәны далахәын Дагомыс имҩаԥысуаз аицлабра, иагьаанылкылеит актәи аҭыԥ. Лԥа Енрике ԥшьышықәса роуп ихыҵуа, аха иан длыцны аҽазыҟаҵарақәа рахь дцоит.

Аԥҳәызбеи, аибашьыгатә ҟазареи: Саида Гәынԥҳа лҭоурых

Саида бзиа илбо аус иацылҵартә еиԥш алшара лызҭаз лыԥшәма, аӡиудо азы аспортсмен Беслан Сыҷынаа иоуп.

Азыҟаҵаҩ иҳаиллыркааит, лара дхәыҷны аицлабрақәа рахь данцалоз, Аԥсны ахьӡала тхеквондо ITF азы иқәгылоз аспортсменцәа рхыԥхьаӡара шырацәамызт. Иахьа Аԥснытәи еизгоу акоманда 70-ҩык аспортсментцәа рыла ишьақәгылоуп. Зныкала 40-ҩык рҟынӡа аҿар ачемпионат иаладырхәыц рылшоит.

Аԥснытәи аспортсменцәа Шәачантәи амедалқәа рыманы ихынҳәит

"Мышқәак раԥхьа, Дагомыс имҩаԥысуаз аицлабрахь 28-ҩык ҳааӡамҭацәа ҳаманы ҳцеит, иааҳгеит 27 медал, хымԥада ари гәырӷьароуп Аԥсны азы", - лҳәеит азыҟаҵаҩ.

Иахьа Гагра араион тхеквондо ITF азы хәҩык азыҟаҵаҩцәа ыҟоуп, Афедерациа аиҳабы Оҭар Гәогәуа, анаҩс Ныгәзар Торчинаа, Ҭимыр Барцыц, Ахра Еныкь, убас Саида Гәынԥҳа.

Аспорт азҟаза, амаҟа еиқәаҵәа занашьоу, актәи адан змоу, Саида Гәынԥҳа, 15 шықәса анылхыҵуаз инаркны тхеквондо ITF азы Аԥснытәи еизгоу акоманда аӡбаҩс дахыԥхьаӡалоуп. Саида илҳәеит агәахәара дуӡӡа шылнаҭо, иахьа лааӡамҭацәа илаԥырго иахьалагаз.

"Дарбанызаалак арҵаҩы изы, иҵаҩы иара иаасҭа аихьӡарақәа ааирԥшуа даналаго, еиҳау аҳамҭа ыҟам. Уи иаанаго, уааԥсара башамхеит ауп", - ҳәа азгәалҭоит лара.

Азыҟаҵаҩ илҳәоит, тхеквондо ITF азы, Гагра араион еиҵагылаз аспортсменцәа ҿарацәа урықәгәыӷратәы ишыҟоу. Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа шаԥҵамгьы, аинтерес ду аадырԥшуеит ари Мрагыларатәи аибашьыгатә ҟазарахь.

Саида Гәынԥҳа, Аԥсны тхеквондо ITF азы Афедерациа ахада Оҭар Гәогәуа иҭабуп ҳәа иалҳәоит рнапы злаку аус аҿы иааирԥшуа ацхыраареи, авагылареи рзы, убас ари аспорт хкы аӡыргареи, аҩаӡара ашьҭхреи рҿы иибо аџьабаазы.

Аԥҳәызбеи, аибашьыгатә ҟазареи: Саида Гәынԥҳа лҭоурых