Абжьыуаа рыбҩарҵәыра, ма илабҿабоу аҭак

© Sputnik / Томас ТхайцукАбжьыуаа рыбҩарҵәыра, ма илабҿабоу аҭак
Абжьыуаа рыбҩарҵәыра, ма илабҿабоу аҭак - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа Очамчыратәи акоманда хада "Ерцахә" Аԥсны ашьапылампыласратә чемпионат иалахәӡам, ахәмарҩцәа реиҳараҩыкгьы егьырҭ агәыԥқәа рахь еимпит. Изеиԥшроузеи Очамчыра араион аҟны аспорт аҭагылазаашьа, абри азҵаара аҭак Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа ианҵамҭаҿ.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Очамчыратәи ашьапылампыл асырҭатә дәы санаҭааз ахәыҷтәы гәыԥ аҽазыҟаҵарақәа рыман. Дара адәы аҵкарахьшәа еикәшаны итәан. Излеилыскааз ала иацы ахәмарра рыман аҟнытә разыҟаҵаҩы рыхәмаршьа далацәажәон, иреилиркаауан иҟарҵаз агхақәа. Ахәыҷқәагьы зҿлымҳара дула уи изыӡырҩуан.

Ари астадион ихьӡ ахуп ашьапылампыл асҩы, СССР зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза Витали Дараселиа.

2012-2013 шықәсқәа рзы иара хәҭа-хәҭала ирбган дырҩеигь аиҭашьақәыргыларазы. Аха аԥара амамзаара иахҟьаны уажәраанӡагьы иахьынӡахәҭоу нападкылаӡам. Ашьапылампыл абзиабаҩцәа ибзиаӡаны ирдыруеит европатәи астадионқәа наҟ-ааҟ ирҿыкәыршоу аҟәардә блахкыгақәа. Очамчыратәи акәзар иамхыз аҟәардәқәа иахьагьы ана-ара ақалақь иқәынхо аӡәык-ҩыџьак ргәараҭақәа рҿы иуԥылалоит. Аиҭарҿыцра ахьалмыршахаз зыхҟьазеи?,- "Еиуеиԥшым афинанстә ҭагылазаашьақәа…". Иклассикахаз ари аҭак иабыкәу иахьуԥымлара.

Иагьа ус иҟазаргьы Очамчыратәи ашьапылампыл асырҭа ҟәардәда инхеит ҳазҳәаӡом, цәгьам-бзиам иҟоуп ауаҩы дахьтәаша. Агәашә сышҭалазҵәҟьа сылаԥш рықәшәеит зыӡбахә сымоу аҟәардәқәа рҿы еизаз аҭаацәа. Дара рхыԥхьаӡарагьы иааџьоушьартә имаҷмызт.

- Амбақәа рааигәара адгьыл ас изыбӷьаҭзеи, - иџьашьаны дыԥшуеит руаӡәы.

Инал Хашиг - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳашыг ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат иазкны: ас хара ҳзымцар ҟалап

- Уажәааигәа ара иаҳҭаз "Химки" ахәмарҩцәа роуп "изцәаӷәаз", - аҭак ҟаиҵоит егьи.

Убри аамҭазы ашәыршәыр абжьгьы ааҳалаҩын, ахәмарҩы қәыԥшцәа ашьапылампыл ажәараҿы "разминка" ҳәа изышьҭоу аҟаҵара рҽазыркит. Ари аҭагылазаашьа схы иархәаны саргьы рхыԥхьаӡара азгәасҭеит – 13 ҩык. Ирацәаӡам, аха зынӡагьы имаҷым. Ари агәыԥ 2006-2008-тәи ашықәсира иаҵанакуа рыла еизгоуп, иагьахыԥхьаӡалоуп ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку Очамчыратәи аспортшкола.

Азыҟаҵаҩ Саид Араҳамиа излеиҳәаз ала ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 20-ҩык рҟынӡа инаӡозҭгьы кыр еиҳа иманшәалахон. Иара иажәақәа рыла ихәмарҩцәа зегьы шамахамзар аҽазыҟаҵарақәа бжьарыжьӡом, зны-зынла ианыбжьарыжьуагьы заа аҭел иасны иззымаауа амзызқәа иарҳәоит.

"Ахәыҷқәа анырацәо ахәмарра еиҳа изцааиуа, досу еиҳа дахьазыманшәало уҳәа ралԥшаара мариоуп. Насгьы сыда ԥсыхәа рымаӡам, уеизгьы сдырхәмаруеит ҳәа азыӡбаны ахәыҷы аҽазыҟаҵарақәа рахь аныҟәара дацәаашьар ҟалоит. Усҟан иара иҭыԥан адәы иқәуҵаша думазар уадаҩрада ихымҩаԥгашьа дахьурхәуеит. Аха анцәа иџьшьаны сара сыхәмарҩцәа ԥагьақәаӡам, иааиԥмырҟьаӡакәа рхы аус адырулалар рҭахуп. Еснагь ахылаԥшра рызҭо аҭаацәагьы уи аҿы рлагала дуӡӡоуп", - иҳәеит азыҟаҵаҩ Араҳамиа.

Советский футболист, полузащитник Виталий Кухинович Дараселия (1957-1982) (справа). Фото из коллекции Нино Мелия. - Sputnik Аҧсны
Алегенда №6, аиааиҩы имҩа: Витали Дараселиа игәаларшәара аҳаҭыраз

Иазгәаҭатәуп ахәмаррақәа рахь арҭ ахәыҷқәа рҭаацәа ишныҟәырго. Аха абылтәы акәзар аспортшкола ахарџь ала ирызҭарҭәоит. Насгьы ԥшьымпыл заҵәык ауп ирымоу. Аҽазыҟаҵарақәа еинҭәыланы рымҩаԥгаразы зегьы акака мпыл рымазар ахәҭоуп.

Саид излеиҳәаз ала ампылқәагьы аҭаацәа рыхьӡала ианырзаархәо ҟалалоит. Аҩны ампыл змоу ахәмарҩцәагьы аҽазыҟаҵарахь рымпыл рыманы иаауеит. Лассы ирзаархәарц иақәдыргәыӷит ашәҵатәы ҿыцгьы. Ажәакала, уаҩы ибарҭоуп афинанстә еиҵахарақәа шыҟоугьы аицхыраареи аилибакаареи ара зегьы ишрыцку.

Очамчыраҟа аспорт аҽазыҟаҵаразы иҟоуп ақыҭақәа рҟынтәи иныҟәо аӡәык-ҩыџьакгьы. Насгьы Кәтол ақыҭан еиҿкаауп ахәыҷтәы шьапылампыл командақәа ҩба; карате асеқциа; Маркәыла, Лабра, уҳәа қыҭақәак рҿы дзиудои самбои рзы асекциақәа аус руеит. Ҷлоу ақыҭа иамоуп анапылампылтә команда, иара убас атлетика ласы; Џьгьарда- атлетика ласы. Арҭ ҿырԥштәы бзиақәоуп Очамчыра араион адагьы иарбанызаалак егьырҭ аԥсуа қыҭақәа зегьы рзы.

Избан акәзар ақыҭа хәыҷқәа зегьы ахаарԥшразы аҭагылазаашьа маншәала рымаӡам. Сгәанала дара уи аҭагылазаашьа рыҭазар ақылақь хәыҷқәа иреицәаӡамкәа, џьара-џьара иагьраԥыганы рҟыбаҩ аардырԥшыртә алшара бзиа роууан.

Сынтәа Очамчыратәи акоманда хада "Ерцахә" Аԥсны ашьапылампыласратә чемпионат иалахәӡам, ахәмарҩцәа реиҳараҩыкгьы егьырҭ агәыԥқәа рахь еимпит. Даҽаџьара ахәмарра изымцаз ашьапылампыласцәа ракәзар, сынтәатәи ала усурада инхеит.

Ажәакала, араион акоманда хада аамҭала еиларбгоуп. Ари аҭагылазаашьаҿы абжьыуаа ршьапылампыл гәыӷырҭа заҵәыс иазаанхо ахәыҷтәы шьапылампыл ауп.

Ианаамҭаз аҿар реиҵааӡараҿы еиҳа ҳшыҩзышьҭра ҟаҵазҭгьы иахьа ари аиҿымкаара ҟамлар алшон. Аха уажәшьҭа уи аҵыхәала алахьеиқәҵара ҵакыдоуп. Арҭ ахәыҷқәа сахьынӡарыхәаԥшуаз, иаарласӡаны ҳагхақәа азхаҵаны урҭ рырҽеира ҳалагар, ҳаԥхьаҟа арҭ ауадаҩрақәа маҷ-маҷ иҵшәаахап ҳәа агәаанагара сызцәырҵит. Рахьҽазыҟарҵо астадион зыхьӡ аху ахәмарҩы иҩаӡарагьы ирацәоуп дара ирыднаҵо.

Ари астадион ааныжьны аспортшколахь схы рханы сҿынасхеит. Урҭ рыҩбагьы зынӡа еизааигәоуп, ҩ-минуҭк рыла снеит. Ари ахыбра иавагылоуп шықәсқәак раԥхьа иргылаз аспорт комплекс "Жемчужина".

Зхы иақәиҭу аиқәԥара азал аҟны аҿар азыҟаиҵон ақалақь аспортшкола аиҳабы Ҳаџьараҭ Гадлиа. Иара исаиҳәеит араҟа аспорт ахкқәа жәаба рыла аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа (урҭ рахьтә 9 аолимпиатә программа иалоуп). Зынӡа 19 сеқциа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус руеит. Иара иажәақәа рыла аспортсменцәа қәыԥшқәагьы ицәгьамкәа рхы аадырԥшуеит, ареспубликатә еиндаҭларақәа рыҟнеиԥш аҳәаанырцәгьы.

Игрок в футбол - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ашьапылампыл асыҩцәа казантәи "Рубин" аҟны ихәмарлоит

"Зҽазыҟазҵо ахәыҷқәа аҟыбаҩ бзиа рылоуп, аха рхыԥхьаӡара амаҷра ҳгәы еихьнашьуеит. Арахь шамахамзар Очамчыратәи 2-тәи аурыс школ аҟынтәи ауп ишаауа. Аинтернат акәзар уантәи ахәыҷқәа радыԥхьалара еиҳа иуадаҩуп. Аӡәык-ҩыџьак ақыҭақәа рҟынтәигьы ҽазыҟаҵара иныҟәоит", - иҳәеит иара.

Анаҩс сара схалеит аҩбатәи аихагылахь абокс азал сыҩнаԥшырц. Ҵабыргыҵәҟьаны, зыбаҩ арҵәра зҭаху дарбанызаалак изы араҟа жәларбжьаратәи аҩаӡара иашьашәало аҭагылазаашьа аԥҵоуп. Ихымԥадатәиу амыругақәа зегьы ахархәаразы имазеиуп. Адәахьтәи аиҿкаарагьы аҿар аспорт радыԥхьаларазы ҳәарада аҵакы дуӡӡоуп. Уи арҵабыргуеит ари азал аҟны сзыниаз аҿар рхыԥхьаӡара ахьырацәаз.

Абасала, сара зеиԥшла исбарҭахеит Очамчыра араион аҟны аспорт аҭагылазаашьа зеиԥшроу.

Сгәанала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны ирацәоуп иара иацәыӡыз. Аха иарҳазгьы, аԥхьаҟа иарҳашагьы ахаршҭра иаԥсам, ҳәарада. Имгәыӷкәа иԥсхьада. Очамчыраа рмахәҿақәа шыӷәӷәац иӷәӷәоуп, ашьапылампыл акәзаргьы аиҭаира амҩа иануп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0