Гал араион аҿы амандаринатә плантациақәа амца ркит

Асовхоз "Махунджия" аҟны хәажәкыра 12 асааҭ 8:00 рзы абнара амцаа кит, уантәи амандаринатә баҳчарахь ииасит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Асовхоз "Махунджия" аҟны хәажәкыра 12 рзы иҟалаз амцакра иахҟьаны амандаринатә плантациақәа блит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит асовхоз адиректор Генрих Ҭыжәба.

Гал араион аҿы амандаринатә плантациақәа амца ркит

Амандаринатә баҳчахь амца ааигәа иҟаз абнараҟынтәи ииасит. Асавхоз аусуҩцәа амцакра шыҟалаз гәарҭеит ашьыжь, асааҭ 8:00 рзы. Амцаԥшь иаарласны иамҽханакит амандаринаҭра.

"Ҳара амандаринашьаҭақәа рыхәышәтәра ҳаҿын. Машәыршәоуп амцакра шыҟалаз шаабазгьы. Асааҭ 8:30 шыҟаз амцарцәаҩцәа ааит, аха амца еимҽханакхьан. Шьха ҭыԥуп. Аԥша ықәсуеит", - ҳәа иҳәоит Генрих Ҭыжәба.

Гал араион аҿы амандаринатә плантациақәа амца ркит

Асааҭ 16:00 рзы амцарцәара алдыршеит. 25 гектар инарзынаԥшуа иблит. Урҭ рҟынтәи 12 гектар амандарина шьаҭа ҿақәа еиҭаҳан.

Заанаҵтәи аԥхьаӡарақәа рыла миллионки 600 нызқь мааҭ рҟынӡа ахарџь аиуит асовхоз.

"Хәышықәса ҵуеит асовхоз арендла иаагеижьҭеи. Асеиԥш еснагь аҭыԥ амоуп. Аҭыԥантәи ауаа амца абна ыларҵоит, нас уи арахь ииасуеит", - ҳәа иҳәоит Ҭыжәба.

Асовхоз аусуҩцәа аҭыԥантәи ауаа рыбжьара апрофилактикатә еилыркаара мҩаԥыргоит, аха хра аманы иҟам.

Гал араион аҿы амандаринатә плантациақәа амца ркит