Марттәи ажәылараҿы иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Аҟәа Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы

Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы игылоу аԥсуа ҵеицәа рмемориал аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит Аԥсны аиҳабыра, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Марттәи ажәылараҿы иҭахаз аԥсуа еибашьцәа ргәаладыршәеит Аҟәа, хәажәкыра 16 рзы. 

"Шьараҭын" аибашьцәа рыхьӡынҵақәа Гәымсҭа ацҳаҿы иқәдыргылеит

Шьыжьы инаркны Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны игылоу амемориал иаҭаауеит ажәлар ашәҭшьыҵәрақәа рыманы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны аиҳабыра, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аҵеицәа рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәа. 

Геннади Арӡынба Марттәи ажәылара иалахәыз дыруаӡәкуп, аибашьра ашьҭахь Леон иорден ианашьан.

"Ҳҩызцәа, ҳақәлацәа иҳацәцаз рацәоуп, урҭ ргәаларшәара цәгьоуп. Ажәылараан ҳаиҵазырхаз иаҳзымааз ҳаибашьцәа роуп. Ҳацәгьаӡамызт, ԥыҭк ҳнаскьеит, аха иамуит", - иҳәеит аибашьра аветеран.

Геннади Арӡынба Замостианкатәи (Гәдоуҭа араионқәа руак -аред.) абаталион даланы деибашьуан.

"Гәымсҭа аӡиас ҳарит, аха уи ашьҭахь аӷа имацәаз ҳҭаикит. Ҩымш убра ҳтәан, уа ҳахьынӡаҟаз акгьы ҳмаахеит, шьҭахьҟа ҳанхьаҵуаз ауп ҳаҷкәынцәа ԥыҭҩык ҳцәыӡит, ԥыҭҩык анышә иаҳҭеит", - ҳәа игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит аветеран.

Марттәи ажәылараан Геннади Арӡынба ишьапы рхәит, Гәымсҭа аӡиас дырызгаз иҩыза Роман Барцыц иоуп.

1993 шықәса март 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа.