Даниел Гәымба зых иақәиҭу ақәԥаразы атурнир аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит

Хәажәкыра 16-17 рзы Сыктывкар имҩаԥысуан зых иақәиҭу ақәԥаразы атурнир.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Даниел Гәымба Сыктывкар имҩаԥысуаз зых иақәиҭу ақәԥаразы атурнир аҿы, 57 кьыла иҟаз рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспортсмен иазыҟаҵаҩ Дауҭ Лазба.

"Даниел Гәымба 19 шықәса ихыҵуеит. Ари атурнир аҿы иқәра иаҵанакуаз алахәӡамызт, аха иара изныкымкәа Сыктывкар ахьӡала еиуеиԥшым аиндаҭларақәа дрылахәхахьеит азы, ачемпионат даларҵеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Атурнир аҿы егьырҭ алахәылацәа шықәсыла ишиеиҳабызгьы, аԥышәа шрымазгьы, Аԥснытәи аспортсмен илшеит аҩбатәи аҩаӡараҟынӡа ахалара.

Дауҭ Лазба иазгәеиҭеит Сыктывкар имҩаԥысуаз атурнир Урыстәыла ачемпионат ахь алхратә ҟазшьа аман, убри инамаданы Аԥснытәи аспортсменгьы уахь имҩа аатит.

Барнаул имҩаԥысуаз атурнир аҿы аԥснытәи акаратистцәа аԥыжәара ргеит

Даниел Гәымба далахәхараны дыҟоуп мшаԥымзазы Иркутск имҩаԥысраны иҟоуп ақәыԥшцәа рыбжьара Урыстәыла ачемпионат.

Хәажәкыра 16-17 рзы Сыктывкар имҩаԥысуан зых иақәиҭу ақәԥаразы атурнир.