Барнаул имҩаԥысуаз атурнир аҿы аԥснытәи акаратистцәа аԥыжәара ргеит

© Foto / Демис Адлейба Всероссийский турнир по косики каратэ "Кубок Сибири"
Всероссийский турнир по косики каратэ Кубок Сибири - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Косики карате азы Урыстәылазегьтәи атурнир "Сибра Ахраҿа" Барнаул имҩаԥысит жәабран  23 - 24 рзы.

АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ахьтәы медалқәа хԥеи аџьаз иалху медалки ранашьахеит аԥснытәи акаратистцәа косики карате азы Урыстәылазегьтәи атурнир "Сибра Ахраҿа" аҿы. Атурнир "Сибра Ахраҿа" Барнаул имҩаԥысит жәабран  23 - 24 рзы ҳәа ааицҳауеит косики карате афедерациа аиҳабы Демис Адлеиба.

"10-11 шықәса зхыҵуа аҭыԥҳацәа рыбжьара ҳаспортсменка Софиа Аҩӡыԥҳа ахԥатәи аҭыԥ нылкылеит. Аҷкәынцәа, 8-9 шықәса зхыҵуа рыбжьара Ҭемыр Быҭәба актәи аҭыԥ никылеит, 10-11 шықәса зхыҵуа рыбжьара – Ерик Хоџьоиан актәи аҭыԥ игеит, иара убасгьы 6-8 шықәса зхыҵуа рыбжьара Дмитри Адлеиба актәи аҭыԥ ианашьахеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Адлеиба.

Косики карате азы Урыстәылазегьтәи атурнир "Сибра Ахраҿа" Барнаул имҩаԥысит жәабран  23 - 24 рзы. Аԥснытәи аспортсменцәа сасцәақәак раҳасабала раԥхьаӡа акәны атурнир иалахәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0