Тҟәарчалтәи атеатр Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи 105 шықәса азгәанаҭоит

Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи 105 шықәса аҵра азгәаҭаразы Тҟәарчалтәи атеатр агастрольқәа мҩаԥнагоит, ипиеса "Мазлоу - зегь злоу" иалху аспектакль ықәыргыланы.
Sputnik

Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр агастрольқәа хацыркхоит хәажәкыра 21 Очамчыра Акультура ахан аҟны. Ахәаԥшцәа уахь инеир рылшоит асааҭ 15:00 рзы.

Тҟәарчалтәи атеатр: Шәарах Ԥачалиа игәаларшәара ҳуалуп>>

Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи 105 шықәса аҵра инамаданы атеатр Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иқәгылоит, Очамчыра араион ашьҭахь, актиорцәа Гәдоуҭа араион ашҟа ииасуеит.

Атеатр арежиссиор хада Сырбеи Сангәлиа иажәақәа рыла, иааиуа ҭагалан азы атеатр Нхыҵ-Кавказҟа ицарц агәы иҭоуп, уаҟа аиашьаратә тәылақәа рҟны ақәгыларазы.

Агастрольқәа рҟны ахәаԥшцәа иддырбоит Шәарах Ԥачалиа ипиеса "Мазлоу - зегь злоу" иалху аспектакль.