"Нарҭ" ашьапылампылазы Аԥсны ачемпионатаҿы аԥыжәара агеит

Аҟәатәи "Нарҭи" афонтәи "Афони" реицыхәмарра мҩаԥысит Аҟәатәи ашьапылампылтә стадион "Динамо" аҿы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампылазы Аԥсны ачемпионат аабатәи атур аҳәаақәа ирҭагӡаны аҟәатәи "Нарҭ" афонтәи акоманда ацыхәмарраан аиааира агеит 4:0 ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко.

"Нарҭ" ашьапылампылазы Аԥсны ачемпионатаҿы аԥыжәара агеит

Абри ахәмарра аԥхьа "Нарҭ" амилаҭтә еиндаҭлара атурниртә таблицаҿ актәи ацәаҳәаҿы игылан 18 очко аманы, афонааи гаграаи аҩбатәи аҭыԥ еицеиҩыршон.

12-тәи аминуҭ алагамҭаз "Нарҭ" ахьчаҩбжа Шабаҭ Логәуа ахәмарратә ԥхьаӡара ааиртит. Актәи атаим нҵәаанӡа аҟәатәи акоманда иалшеит аҽаҩынтә "Афон" амбаа мпылаҭаршәра: 23-тәи аминуҭ азы ихы аликааит Гига Бениӡеи, 42-тәи аминуҭазы – Ҭимур Агрба.

Аҩбатәи атаим аҿгьы "Нарҭ" ахәмарыҩ Гудиса Ҟаитан аҵыхәтәантәи ампыл амба иҭеиршәти. Ахәмарра хыркәшахеит 4:0 ҳәа.

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат иалахәуп акомандақәа фба: "Нарҭ", "Гагра", "Риҵа" "Афон", "Самырзаҟан", "Динамо".

"Нарҭ" ашьапылампылазы Аԥсны ачемпионатаҿы аԥыжәара агеит