"Нарҭ" ашьапылампылазы Аԥсны ачемпионатаҿы аԥыжәара агеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи "Нарҭи" афонтәи "Афони" реицыхәмарра мҩаԥысит Аҟәатәи ашьапылампылтә стадион "Динамо" аҿы.
Аҟәатәи Нарҭи афонтәи Афони реицыхәмарра мҩаԥысит Аҟәатәи ашьапылампылтә стадион Динамо аҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи "Нарҭи" афонтәи "Афони" реицыхәмарра мҩаԥысит Аҟәатәи ашьапылампылтә стадион "Динамо" аҿы.

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампылазы Аԥсны ачемпионат аабатәи атур аҳәаақәа ирҭагӡаны аҟәатәи "Нарҭ" афонтәи акоманда ацыхәмарраан аиааира агеит 4:0 ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи "Нарҭи" афонтәи "Афони" реицыхәмарра мҩаԥысит Аҟәатәи ашьапылампылтә стадион "Динамо" аҿы.
Нарҭ ашьапылампылазы Аԥсны ачемпионатаҿы аԥыжәара агеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи "Нарҭи" афонтәи "Афони" реицыхәмарра мҩаԥысит Аҟәатәи ашьапылампылтә стадион "Динамо" аҿы.

Абри ахәмарра аԥхьа "Нарҭ" амилаҭтә еиндаҭлара атурниртә таблицаҿ актәи ацәаҳәаҿы игылан 18 очко аманы, афонааи гаграаи аҩбатәи аҭыԥ еицеиҩыршон.

12-тәи аминуҭ алагамҭаз "Нарҭ" ахьчаҩбжа Шабаҭ Логәуа ахәмарратә ԥхьаӡара ааиртит. Актәи атаим нҵәаанӡа аҟәатәи акоманда иалшеит аҽаҩынтә "Афон" амбаа мпылаҭаршәра: 23-тәи аминуҭ азы ихы аликааит Гига Бениӡеи, 42-тәи аминуҭазы – Ҭимур Агрба.

Аҩбатәи атаим аҿгьы "Нарҭ" ахәмарыҩ Гудиса Ҟаитан аҵыхәтәантәи ампыл амба иҭеиршәти. Ахәмарра хыркәшахеит 4:0 ҳәа.

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат иалахәуп акомандақәа фба: "Нарҭ", "Гагра", "Риҵа" "Афон", "Самырзаҟан", "Динамо".

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи "Нарҭи" афонтәи "Афони" реицыхәмарра мҩаԥысит Аҟәатәи ашьапылампылтә стадион "Динамо" аҿы.
Нарҭ ашьапылампылазы Аԥсны ачемпионатаҿы аԥыжәара агеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи "Нарҭи" афонтәи "Афони" реицыхәмарра мҩаԥысит Аҟәатәи ашьапылампылтә стадион "Динамо" аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0