Ҳаџьымба: Аԥсныи Ҟрыми реизыҟазаашьа аҿиара ҿыц аиуит

Аԥшьаша, хәажәкыра 21 рзы Аԥсны ахада Москва имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аконференциа "Ҟрым ҳаамҭазтәи агеополитика - "Ҟрымтәи ааԥын" 5 шықәса" алахәылацәа ашәҟәы рзынеишьҭит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсныи Ҟрыми реизыҟазаашьа аҩаӡара ҳарак роуит ҳәа аҳәоит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аԥшьаша, хәажәкыра 21 рзы имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аконференциа "Ҟрым ҳаамҭазтәи агеополитика - "Ҟрымтәи ааԥын" 5 шықәса" алахәылацәа ирзынеишьҭыз ашәҟәы аҿы.

Аԥсныи Ҟрыми ишьақәдыргылеит ҩ-ганктәии жәларбжьаратәии аусеицурақәа рыплан

Адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аизыҟазаашьа ҿыцқәа шьақәгылоуп ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы Аԥсни Ҟрыми рнапы зцеиҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ҳәа азгәаҭоуп анашьҭымҭаҿы.

Ҷыдала атәыла ахада дазааҭгылоит аинвестициатә проектқәа ироуа адгылара ду, Аԥсни Ҟрыми еиуеиԥшым рнаплакқәа рыбжьара иҟоу аинырра. Уи адагьы Ҳаџьымба иазгәеиҭеит агәрагара шимоу арегионқәа рыҩба ркурорттә ҭыԥқәа рыбжьара амшынтә еимадара шыҟало.

Анашьҭымҭаҿы иазгәаҭоуп ашәҟәыҩҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа уҳәа акультура аусзуҩцәа рыбжьара аусеицуразы ауасхырқәа шышьҭаҵо.

Аԥсныи  Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит