АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсныи Ҟрыми ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырратә-техникатә, агуманитартә усхк аҟны русеицуразы аиҳабырабжьаратә комиссиа аплани аԥкаанҵеи рнапы рыҵарҩит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба иколлегацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсныи Ҟрыми реизыҟазаашьаҿ рлагала ду азы.
"Шәара шәԥышәа ацхыраара ҳанаҭоит иахәҭаны иҟоу хра змоу аӡбрақәа ирласны рыԥшаара. Убри азоуп иахьагьы ҳусқәа лассы еиҿкааны адокументқәа анапрыҵаҩра зҳалшаз", - иҳәеит иара.
Ҩымш рыҩныҵҟа аиҳабырабжьаратә комиссиа имҩаԥнагаз аиҿцәажәарақәа акыр аинтерес рыманы иҟан иҳәеит Ареспублика Ҟрым Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.
"Ҳаиԥыларақәа, ҳаиҿцәажәарақәа алҵшәа шроуа агәра згоит. Иазырхиоу ҳдокументқәа ԥхьаҟа аусура рылшо ишьақәыргылоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Мурадов.
Иара аԥсуа ган ҭабуп ҳәа реиҳәеит аиԥылара аиҿкааразы иагьнеиԥхьеит Ҟрымҟа 2019 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоу аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәарахьи Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум ахьи.