Гоԥиа Гәдоуҭа арԥҳачымазаратә амбулатортә пункт аартразы: ихәарҭара дууп
© Sputnik
"Ари аҩыза апункт аартра араион аҿы иаҭахын. Арԥҳачымазара ахәшәтәразы арахь ахәшәқәа ааргоит арԥҳачымазаратә диспансер аҟынтә, ауаҩы ара дааины урҭ инапаҟны иоур илшоит. Апункт даара ибзиоуп, иахәҭоу амыругақәа рыла еиқәыршәоуп. Ас еиԥш амбулатортә пунктқәа аартызароуп раионцыԥхьаӡа. Иахьа Аԥсны арҭ рҩызцәа апунктқәа ааба ыҟоуп. Урҭ раатра алыршахеит Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара аҿиара апрограмма инақәыршәаны. Ауаҩы иҽанихәышәтәуа акырӡа аҵанакуеит дахьнеиуа аҭыԥ ахьынӡеиҿкаау, уи игәабзиара аиҭашьақәыргылараҿы анырра анаҭоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гоԥиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.