Аҟәатәи ачараҿы ахысра ҟазҵаз ахара идырҵеит

Цәыббра 22, 2018 шықәса рзы Аҟәатәи абанкеттә зал "Абырлаш" аҿы ачара аан Алхас Хагәышь абџьар изныкымкәа иҭирҟьеит. Уи иалҵшәаны ԥҳәыск ахәра лоуит, хаҵак иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Алхас Хагәышь ахара иднаҵеит, иагьиқәнаҵеит аашықәсеи фымзи ариашаратә колониаҟны ирӷәӷәоу аныҟәгашьала ихгазарц.

Ишьаарҵәырахаз ачара

Абри атәы аарыцҳауеит асаит аҟны.

Алхас Хагәышь ахара идырҵеит анаҩстәи ахәҭаҷқәа иазԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа рзы: "Иҭҟьо абџьари аџьаԥҳани изакәанымкәа рыҵәахреи рныҟәгареи рзы", "Ҩыџьа ауааԥсыра рганахьала идырны ауаҩы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло, мбжьахшақә, зеиԥшшәарҭарала имҩаԥгоу агәабзиара ааха ӷәӷәа аҭара, агәҽанымзаара иахҟьаны ааха зауз иԥсра зыхҟьаз".

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба амч аиуеит аусурамшқәа 15 ирҭагӡаны, аганқәа уи иазамшшыр.

Кьылба: абџьар хылаԥшрада ауаа ирылоуп

Цәыббра 22, 2018 шықәса, асааҭ 18:30 рзеиԥш Аҟәатәи абанкеттә зал "Абырлаш" аҿы ачара аан 33 шықәса зхыҵуа Алхас Хагәышь абџьар изныкымкәа иҭирҟьан, аҭыԥ аҟынтәи иҽиҵәахт.

Ахысра иалҵшәаны 38 шықәса зхыҵуа ԥҳәыск ахәра лоуит, 60 шықәса зхыҵуаз ахаҵа иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.

Леонид Ӡаԥшьба: ҳаиҳабацәа абџьар аныҟәгашьеи ахыхьчашьеи рдыруан