Кьылба: абџьар хылаԥшрада ауаа ирылоуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаКоллегия Генпрокуратуры Абхазии по проделанной работе за 2017 год
Коллегия Генпрокуратуры Абхазии по проделанной работе за 2017 год - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны апрокуратура Хада аколлегиа мҩаԥысит аԥшьаша, хәажәкыра 15 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 15– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны апрокуратура Хада аколлегиа мҩаԥысит аԥшьаша, хәажәкыра 15 рзы. Аколлегиа аилатәара иалахәыз Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Муҳамед Кьылба абџьар хылаԥшрада ауаа ирылоуп ҳәа иҳәеит.

Коллегия Генпрокуратуры Абхазии по проделанной работе за 2017 год - Sputnik Аҧсны
Ачба: апрокурорцәа рраионқәа рҟны изакәаным аргыларақәа рзы аҭакԥхықәра рыдлоит

"Сара аррамаҵзура иадҳәалоу уаҩԥсык иҳасаб ала исҳәар сылшоит аҩнаҭақәа рҟны абџьар хылаԥшрада иҟоуп ҳәа. Ҳжурналистцәа иҭабуп ҳәа расҳәоит абри апроблема лассы-лассы иахьалацәажәо. Иара убри аан иҟоуп ауаа абри аганахь ала адырра змам, аха ахцәажәара ахәҭаны изыԥхьаӡо", — иҳәеит Кьылба.

Абџьар аҵәахра аԥҟаррақәа хымԥада рықәныҟәара аҭахны иҟазароуп иҳәоит иара.

"Абџьар ахьыҟоу алакьысра азин рымазароуп иара зыхьӡала иҭаҩу рымацара. Гәдоуҭа ауаҩы дыршьит. Ашьра зуз ачымазара илоуп. Ҳара ҳҟны ичмазаҩу, зыхшыҩ аҭыԥ иқәымгьы абџьар акра азин рымоуп", — иҳәеит Кьылба.

Кьылба иара убасгьы иҳәеит абџьара тәы ззымдыруагьы ианрымоу шыҟоу.

"Бџьарда умныҟәар амуа иҟоума? Сара ҷыдалатәи азин сымоуп абџьар аныҟәгаразы, аха шамахамзар абџьар саҵаланы сныҟәаӡом", — иҳәеит иара.

Аԥсны апрокурор Хада Зураб Ачба иҳәеит абџьар аныҟәгара ахылаԥшра азҭо азакәан Апарламент аҟны ишышьҭо, хара имгакәа ирыдыркылап ҳәагьы дышгәыӷуа.

Аԥсны иҟоу абџьар аҭаҩра аҭахуп, иҭаҩым, аӡәгьы идым абџьар рылгатәуп ҳәа азгәеиҭоит Кьылба.

Ажәабжьқәа зегьы
0