Израиль асектор Газа иалахысуан

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, израильтәи аруаа рыбригадақәа ҩба Газа аҳәаахь ииаган, арезервистцәагьы аррахь ирыԥхьан.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Израиль асектор Газа аҿы ажәылара мҩаԥнагеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Израиль Дамаски егьырҭ Шьамтәыла ақалақьқәеи ракетала ирылахысуан

Аруаа абомба алажьрақәа цәҟьарас ирымоу ари анклав аҟны иҟоу ХАМАС аобиектқәа роуп ҳәа рҳәоит. Уаанӡатәи адыррақәа рыла израильтәи аруаа рыбригадақәа ҩба Газа аҳәаахь ииаган, арезервистцәагьы аррахь ирыԥхьан. Уи адагьы, атәыла аладатәи ахәҭаҿы аҳәаа иаԥну араионқәа рахь анеира аанкылоуп.

Хәажәкыра 25 ашьыжь палестинатәи аракета атәыла агәҭаны ауаа реиланхарҭақәа руак аҿы анхарҭаҩны иаахеит. Быжьҩык ауааԥсыра ахәрақәа роуит. Израильаа уи аҭак шыҟаҳҵо ҳәа имақарит. Атәыла аԥыза-министр Биниамин Нетаниаху ЕАА ааныжьны, итәылахь дхынҳәит.