Израиль асектор Газа иалахысуан

© Sputnik / Ахмет Абед / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИзраили асектор Газеи асектори еилахысит
Израили асектор Газеи асектори еилахысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, израильтәи аруаа рыбригадақәа ҩба Газа аҳәаахь ииаган, арезервистцәагьы аррахь ирыԥхьан.

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Израиль асектор Газа аҿы ажәылара мҩаԥнагеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

ВВС Израиля. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Израиль Дамаски егьырҭ Шьамтәыла ақалақьқәеи ракетала ирылахысуан

Аруаа абомба алажьрақәа цәҟьарас ирымоу ари анклав аҟны иҟоу ХАМАС аобиектқәа роуп ҳәа рҳәоит. Уаанӡатәи адыррақәа рыла израильтәи аруаа рыбригадақәа ҩба Газа аҳәаахь ииаган, арезервистцәагьы аррахь ирыԥхьан. Уи адагьы, атәыла аладатәи ахәҭаҿы аҳәаа иаԥну араионқәа рахь анеира аанкылоуп.

Хәажәкыра 25 ашьыжь палестинатәи аракета атәыла агәҭаны ауаа реиланхарҭақәа руак аҿы анхарҭаҩны иаахеит. Быжьҩык ауааԥсыра ахәрақәа роуит. Израильаа уи аҭак шыҟаҳҵо ҳәа имақарит. Атәыла аԥыза-министр Биниамин Нетаниаху ЕАА ааныжьны, итәылахь дхынҳәит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0