Израиль Дамаски егьырҭ Шьамтәыла ақалақьқәеи ракетала ирылахысуан

© © AFP 2019 / Jack GuezВВС Израиля. Архивное фото
ВВС Израиля. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Израиль Дамаски егьырҭ Шьамтәыла ақалақьқәеи адгьыл аҟынтәии аҳауа аҟынтәии ракетала ирылахысуан. Шьамтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә шьақәгылақәа урҭ реиҳарак ркажьра алдыршеит ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Шьамтәыла ар рхаҭарнак.

"Израиль Дамаски егьырҭ Шьамтәыла ақалақьқәеи адгьыл аҟынтәии аҳауа аҟынтәии ракетала ирылахысуан. Шьамтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә шьақәгылақәа урҭ реиҳарак ркажьра алдыршеит", - ҳәа иҳәоит аруаҩ.

Аҳәынҭқарратә канал Ikhbariya адыррақәа рыла, жәабала израильтәи аракетақәа кажьуп. Аканал акорреспондент иажәақәа рыла, аракетақәа Ливан аҳауатә ҵакыра аҟынтәии Галилеиа арегион аҟынтәии иаарышьҭуан.

Дым в небе над пригородом Дамаска, 25 декабря 2018 - Sputnik Аҧсны
Шьамтәылатәи ПВО Дамаск иақәкыз аракетатә жәылара аԥдырҟәҟәааит

Израиль уаанӡа адырра ҟанаҵахьан ашәахьа ауха Шьамтәыла иҟоу "Аль-Кудс" ирантәи аҟәша иажәлараны ишыҟаз азы.

"Аракетатә жәылара иахықәкны иҟан Шьамтәыла иҟоу "Аль-Кудс" ирантәи аҟәша, абџьаршьҭаҵарҭақәа, ирантәи аԥшыхәратә центр, ирантәи аҽазыҟаҵаратә лагер уҳәа абрахь иналаҵаны" ҳәа аанацҳауеит Израиль ар апресс-маҵзура.

"Ажәылараан жәабала шьамтәылатәи азениттә ракетақәагьы ҭырҟьан, амца аамыртра шазыԥхьагәаҭазгьы. Уи иахҟьеит шьамтәылатәи аҳауаҿагыларатә батареиақәа рехсрагьы", - ҳәа азгәарҭоит израильаа.

Уахынлатәи аракетатә жәылара мзызны иаиуит Иран аруаа Шьамтәыла адгьылҵакыраҿы рыҟазаара. Ареактивтә снариад "адгьыл-адгьыл" израильтәи аҳауаҽацәыхьчаратә система "Железный купол" ала икажьын.

"Израиль аҵакырахь ахы рханы амцажәҵара мҩаԥго Иран аҽазныкгьы иаанарԥшит Шьамтәыла аҟазаара ахықәкқәа. Урҭ хымԥада Израиль азы ашәарҭара мҩаԥыргоит, арегион аҟны аҭынчра иаԥырхагоуп", - ҳәа рҳәоит израильтәи аруаа.

Израиль ар рыпресс-маҵзураҿы иазгәарҭоит ирантәи амчрақәа рҳәаақәа рааигәара рыҟазаара ишалшо ала ишаԥырхагахо, шьамтәылатәи амчрақәагьы адырра рырҭеит ртәыла аҵакыраҿы иҟало зегьы азы аҭакԥхықәра шрыдзаауа азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0