Акоммунист партиа архив аҿы иԥшаан хабарда иӡыз аԥсуаа рыхьӡқәагьы

Асиа еиднакылоит Сталин ирепрессиақәеи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡеи раан хабарда ибжьаӡыз рыхьӡқәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Абольшевикцәа ркоммунисттә партиа архив аҿы иԥшаауп Сталин ирепрессиақәеи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡеи раан хабарда ибжьаӡыз ҳәа ишьаз аԥсуаа рсиа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект "Ахьӡ архынҳәра" автор Григори Скворцов.

Скворцов: хабарда ибжьаӡыз ҭахеит ҳәа иԥхьаӡалатәуп

"Арҭ ауаа хабарда ибжьаӡит ҳәа акәын ишыԥхьаӡаз, аха реиҳараҩык 1937 – 1941; 1941 - 1945 шықәсқәа раан алагерқәа рҿы иҭахеит. Архивқәа рҿгьы хабарда ибжьаӡит ҳәа акән рыуа-рҭынха ашәҟәқәа шрырҭоз. Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аусура ианалага ишьақәыргылахеит ВКПб архивқәа рҿы ишыҟоу асиақәа хабарда ибжьаӡыз ртәы зҳәо. Архив акаталог ангәаҳҭоз иҳамԥыхьашәеит аԥсуа жәлақәа рсиагьы", - ҳәа еиҭеиҳәоит Скворцов.

1. АДАМИА КЛИМЕНТИ ИАКОВ-ИԤА

2. АДАМИА ШАЛУА НЕСТЕР-ИԤА

3. АИБА АЛЕКСЕИ ГӘЫҬ-ИԤА

4. АЛАНИА ДМИТРИ ИВАН-ИԤА

5. АЛАНИА ДОМЕНТИ ВЛАДИМИР-ИԤА

6. АЛАСАНИА ГЕОРГИ АНТОН-ИԤА

7. АМАНИА СЕМИОН ИВАН-ИԤА

8. АРГӘЫН НИКОЛАИ ЕРАСҬ-ИԤА

9. АРШАВА АЛЕКСАНДР ИВАН-ИԤА

10. АРШАВА ВАСИЛИ НИКОЛАИ-ИԤА

11. АРЧАИА ВАРЛАМ ГЕРАСИМ-ИԤА

Иарбоу ахаҿқәа рархивтә шәҟәқәа роуразы апроект аиҿкааҩцәа рахь адҵаалара ҟалоит. Аинырраз адыррақәа арбоуп апроект "Ахьӡ архынҳәра" Facebook аҿтәи аофициалтә даҟьаҿ.