Скворцов: хабарда ибжьаӡыз ҭахеит ҳәа иԥхьаӡалатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГригори Скворцов.
Григори Скворцов. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшааратә проект "Возвращение имени" ашьаҭаркҩы игәаанагарала Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан аконцлагерқәа рҟны иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи рыԥшаара мызкоуп иаҭаху.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан хабарда ибжьаӡыз ҭахеит ҳәа аршаҳаҭгақәа рыуацәеи рҭынхацәеи ирыҭатәуп, ҳәа ҳкорреспондент Владимир Бегунов иеиҳәеит Аԥшааратә проект "Возвращение имени" ашьаҭаркҩы Григори Скворцов.

- Григори, апроект "Возвращение имени" иахьазы иаҭагылазаашьозеи?

— Хабарда ибжьаӡыз рҭахыра сыдҵаалоит. Аԥснынтәи еибашьра ицаз 55 000-ҩык рҟынтәи хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоуп 8 000-ҩык ауааԥсыра. Асеиԥш ихәыҷу атәылазы уи акыр ирацәоуп. Араҟа традициала узхылҵыз рҭоурых удыруазароуп. Изынҟьаз-изынԥаз удыруазароуп. Иалшон ари азҵаара аӡбра азузарц, аха макьаназы аполитикатә гәазыҳәара ыҟаны иҟам.

Апроект Возвращение имени аӡыргара мҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны 8 нызқьҩык Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡит

- Уи шԥаҟазар акәу?

— Аԥсны Арратә мчрақәа рҟны 25 шықәса рҟынӡа зхабар дырым асолдаҭ дҭахеит ҳәа ишьоуп. Ҩышықәса рышьҭахь ақырҭуа-аԥсуа еибашьраҟны хабарда ибжьаӡызгьы ҭахеит ҳәа ишьатәуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан хабарда ибжьаӡыз ишԥарызнеитәу? Сара сажәалагалала – урҭ ҭахеит ҳәа изыԥхьаӡаша зинмчрак змоу аорган аԥҵаны урҭ рыуацәеи рҭынхацәеи дара шҭахаз ала ашәҟәқәа рнапаҿы идырктәуп.

- Ишҭахаз шьақәзырӷәӷәо ашәҟәыбӷьыц ада ироуазеи аҭаацәа?

— Ауацәа, аҭаацәа ԥаратә компенсациак иашьҭалозар, уи аӡбарҭала иӡбтәхоит. Шәачатәи дукатк иҿцәажәараан иара исеиҳәеит усеиԥш ахҭысқәагьы аҭыԥ шрымоу. 75-шықәса маҷӡам арҭ ауаа иахьазы рыԥсы шҭам аилкааразы.

- Заҟаҩ рлахьынҵа аилкаара шәылшәыршахьозеи?

— Макьаназы, 25-ҩык. Аха ателехәаԥшра ацхыраарала абри аус аҟны ҳалшарақәа маншәалахап ҳәа ҳгәыӷуеит. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Адрестә биуро аганахьала 42-ҩык рсиа ҳаԥшаахьеит. Урҭ рхаҭарақәа рышьақәыргылареи рыуа-рҭахы рышьақәыргылареи ҳаҿуп. Ирацәаҩуп ақыҭақәа рҟны инхо. Урҭ реилкааразы араионқәа рхадацәеи арратә комиссариатқәа рхадацәеи ҳаҽрымаадоит.

- Хабарда ибжьаӡыз рҭахыра, рҭаацәа лассы-лассы ишәыдҵаалалома?

— Апроект "Возвращение имени" анхацҳарк ашьҭахь ирацәаҩуп аҭел исзасуа. Убас сырзыԥшуп асолдаҭ Кархалаа иуацәа. Ааигәа Енықьаа рҭаацәаразы адыррақәа ҳаԥшаауан. Дара хҩык еибашьуан. Урҭ рахьтә аӡәы дхынҳәит аибашьраҟынтә, аамҭақәак рышьҭахь иԥсҭазаара далҵит. Ҳара еилаҳкааит, 1985 шықәса рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден II аҩаӡара шианаршьаз. Аҭаацәа уи рыздырамызт. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра абиԥарақәа реимадара еиԥнаҟьеит. Ҳара уажәы хықәкы хаданы иаҳзыҟоу атәылақәеи абиԥарақәеи реимадара алыршароуп. Апроект "Возвращение имени" Аԥсуа телехәаԥшраҟны ихацыркын Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ацхыраарала. Информациатә партнерны апроект азы иҟалеит амаҵзура Sputnik Аԥсни афонд "Апсни".

Ажәабжьқәа зегьы
0