ЕгрыГЕС Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәара хацнаркит

ЕгрыГЕС аҿы иҟаз аҭагылазаашьа уадаҩ инадҳәаланы Аԥсны аиҳабыреи Урыстәылатәи агани аиқәшаҳаҭра рыбжьан жәабран 27 инаркны Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәаразы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра аанкылахеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы.

Хәажәкыра 25 инаркны Аԥсны ахы-аҵыхәа ахархәара змоу ЕгрыГЕС аҟынтәи иаауа афымцамч ауп. ЕгрыГЕС аҿы аӡы аҩаӡара шьҭыҵит. Уажәы иара 416 метра иҟоуп.

ЕгрыГЕС аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәра еиҳа имаҷхо иалагеит

"Хәажәкыра 25 асааҭ 06:40 рзы Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра аанкылоуп", - ҳәа азгәарҭеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы.

Аԥсны аиҳабыреи Урыстәылеи жәабран 27 инаркны ареспубликахь урыстәылатәи афымцамч аашьҭразы еиқәышаҳаҭхеит. Жәабран 27, ашьыжь асааҭ 9:00 инаркны Урыстәылантәи афымцалашара роуа иалагеит: Гәдоуҭа, Гагра, Аҟәа ақалақь ахәҭак. Егьи, Аԥсны аҵакыра ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара шаиуц иаиуан.

ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. ГЕС агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿы иҟоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла.

ЕгрыГЕС алшара 1300 мегаватт инаӡоит.