АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра аанкылахеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы.
Хәажәкыра 25 инаркны Аԥсны ахы-аҵыхәа ахархәара змоу ЕгрыГЕС аҟынтәи иаауа афымцамч ауп. ЕгрыГЕС аҿы аӡы аҩаӡара шьҭыҵит. Уажәы иара 416 метра иҟоуп.
"Хәажәкыра 25 асааҭ 06:40 рзы Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра аанкылоуп", - ҳәа азгәарҭеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы.
Аԥсны аиҳабыреи Урыстәылеи жәабран 27 инаркны ареспубликахь урыстәылатәи афымцамч аашьҭразы еиқәышаҳаҭхеит. Жәабран 27, ашьыжь асааҭ 9:00 инаркны Урыстәылантәи афымцалашара роуа иалагеит: Гәдоуҭа, Гагра, Аҟәа ақалақь ахәҭак. Егьи, Аԥсны аҵакыра ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара шаиуц иаиуан.
ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. ГЕС агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿы иҟоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла.
ЕгрыГЕС алшара 1300 мегаватт инаӡоит.