Иракли Хынҭәба Мордовиатәи афестиваль аҿы амедал ианаршьеит

XIV Жәларбжьаратәи аурыс драматә театрқәа рфестиваль "Соотечественники" аартын Искандер ихьӡ зху адраматә театр аспектакль ала. Афестиваль мҩаԥысуеит Мордовиа аҳҭнықалақь аҿы хәажәкыра 29 инаркны мшаԥы 4 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 1– Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хынҭәба XIV Жәларбжьаратәи аурыс драматә театрқәа рфестиваль "Соотечественники" аҟны амедал "Амилаҭбжьаратә ҳәоуеиқәшәара" ианаршьеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Хынҭәба ихаҭа.

Иракли Хынҭәба РУСДРАМ Адыгатәыла имҩаԥнагаз агастрольқәа дрылацәажәеит

"Аспектакль "Ҳаџьы-Мураҭ" ала иаадыртит Сарансктәи афестиваль. Аспектакль ашьҭахь арежиссер Адгәыр Ақаҩбеи сареи асценахь ҳаннеи, Ареспублика Мордовиа акультура аминистр амедал "Амилаҭбжьаратә ҳәоуеиқәшәара" снапаҿы исиркит", - еиҭеиҳәоит иара.

Амедал "Амилаҭбжьаратә ҳәоуеиқәшәара" Ареспублика Мордовиа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа иреиуоуп, уи атәылақәеи амилаҭқәеи реимадарақәа рырӷәӷәара иазааԥсахьоу ауаа иранаршьоит.

"Сара ари сазыҟаҵамызт. Аҳамҭа сымацара сакәым изаҭәашьоу, ҳколлектив зегьы ираҭәашьоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы атәыла анҭыҵ лассы-лассы ҳақәгылоит. Урыстәыла атеатрқәа ртәылоуп. Ҳколлегацәеи ҳареи абас ҳусеицура ҳҟазара арҿиоит. Ҳәарада, аҳамҭа даара игәахәароуп", - иҳәоит Иракли Хынҭәба.

XIV Жәларбжьаратәи аурыс драматә театрқәа рфестиваль "Соотечественники" аартын Искандер ихьӡ зху адраматә театр аспектакль ала. Афестиваль мҩаԥысуеит Мордовиа аҳҭнықалақь аҿы хәажәкыра 29 инаркны мшаԥы 4 рҟынӡа.

Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, "Ҳаџьы-Мураҭ" ахәаԥшыҩцәа даара гәахәарыла ирыдыркылеит, апрофессионалтә критикцәа ракәзаргьы, абзарӡы бзианы ирҳәеит.