"Афон" ачемпионат атурниртә таблицаҿы ахԥатәи аҭыԥ аанакылеит

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ажәабатәи атур аҳәаақәа ирҭагӡаны мшаԥы 1 азы Гәдоуҭатәи астадион аҿы имҩаԥысуан ашьапылампылтә клубқәа "Афони" "Риҵеи" рыхәмарра.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 2 – Sputnik, Бадри Есиава. "Афон" амбахьчаҩ Шамил Ҭарба гәдоуҭатәи акоманда "Риҵа" амба иҭаиршәыз ампыл ала икоманда ԥхьаҟа игеит, ҳәа иҳәеит ахәмарра аӡбаҩ ицхырааҩ Дмитри Жуков.

"Гагра" аҟәатәи "Нарҭ" иаиааит ашьапылампыл азы ачемпионат ажәбатәи атур аҿы

"Атаим анҵәамҭазы 2:1 ҳәа "Риҵа" аԥыжәара аман. 90-тәи аминуҭ азы аӡбаҩ аҽа хә-минуҭк ациҵеит. Акоманда "Афон" ахәмарыҩцәа гәдоуҭаа ахараԥсатә цәаҳәахьы (штрафнаџ зона- аред.) еихеит. Амбахьчаҩ Ҭарба Шамил хыла дзысыз ампыл акомандақәа рыҩбагь еиҟаранатәит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Жуков .

Абри ампыл иалнаршеит "Афон" ачемпионат атурниртә таблицаҿы ахԥатәи аҭыԥ аанкылара. Амш ацәгьара иаруадаҩуан ашьапылампыласыҩцәа рыхәмарра.

"Ақәа ауан. Аҳәынҵәа ықәын. Актәи ампыл ҭаиршәит "Риҵа" ахәмарыҩ Асҭамыр Ҭарба, аҩбатәи ампыл – Сослан Гочуа. Афонаа рымпыл ҭаиршәит Андреас Асланӡиа", - иҳәеит Жуков.

Ахәмарра хыркәшахеит 2:2 ҳәа.