"Анасыԥ амҵәыжәҩақәа": Анатоли Лагәлаа ишәҟә ҿыц аԥхьаҩцәа идырбан

Иҭыҵит апоет, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа ипрозатә ҩымҭақәа знылаз ашәҟәы "Анасыԥ амҵәыжәҩақәа". Уи аӡыргара мҩаԥган Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы.
Sputnik

Аинар Ҷыҭанаа, Spunik

Ари ашәҟәы еиднакылеит Дырмит Гәлиеи Таиф Аџьбеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат, апоет, апрозаик Анатоли Лагәлаа иажәабжьқәеи, иповестқәеи, иессеқәеи, иеиҭагамҭақәеи рыхәҭак. Араҟа аԥхьаҩ иԥылоит уаанӡа дзыԥхьахьаз автор иҩымҭақәа реиԥш, раԥхьаӡакәны акьыԥхь збаз аԥҵамҭақәагьы. Иара убас ашәҟәы иагәылоуп автор ихәыҷтәы ԥсихологиатә ажәабжьқәа.

"Анасыԥ амҵәыжәҩақәа": Анатоли Лагәлаа ишәҟә ҿыц аԥхьаҩцәа идырбан

Ашәҟә ҿыц аӡыргара зхы алазырхәыз ашәҟәыҩҩцәа, Анатоли Ианкәа-иԥа иколлегацәа излазгәарҭаз ала "Анасыԥ амҵәыжәҩақәа" амилаҭ литература иалалоит егьырҭ иреиԥшым ахатәы хаҿра аманы. Уи зыбзоуроу ҳәа дара иалыркаауеит зхатә ҷыдара змоу автор ирҿиаратә знеишьа , насгьы даҽакы иуцәаламҩашьо автор иҩышьатә стиль.

"Анатоли иҩымҭақәа рҿы имырхьаацәакәа аинтрига аҟаҵашьа идыруеит – ҳәа азгәалҭеит апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа. – Уамак имҳәозшәа ажәа ласқәа ирыҵаиҵәахуеит аҵак дуӡӡа. Иахьагьы уаҵәгьы сгәалашәараҿы инхоит "Саб" , "Анасыԥ амҵәыжәҩақәа" реиԥш иҟоу иажәабжь ссирқәа. Насгьы сара сзы иҿыцаартырахеит Анатоли Лагәлаа иессеқәа. Иеиҭагамҭақәа ртәы ҳҳәозар, Франц Кафка иеиҭагара згәаӷьыз аԥсуа шәҟәыҩҩы ҳааиҵашьыцыртә агәаӷьра ду ааирԥшит, иагьиқәҿиеит", - лҳәеит лара.

Аиҭагара атема иацҵо, иҳәатәуп Анатоли Лагәлаа иҩымҭақәагьы тәым бызшәала акьыԥхь шырбахьоу. Аурысшәахь ипроза еиҭазгахьоу дреиуоуп ажурналист Витали Шариа. Иара убас Лагәлаа иҩымҭақәа ерман бызшәала ирцәажәахьеит Аԥсны иҭыҵуа агазеҭ "Амшен" аредактор Артавазд Сарециан. Иара ибзоурала аԥсуа рҿиаҩцәа жәпаҩык раԥҵамҭақәа еиҭаганы ианылахьеит Ермантәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҭнажьыз алитературатә еизга "Амшен".

Лагәлаа "Анасыԥ амҵәыжәҩақәа" аҭыжьразы: ԥсҭазааратә ҳамҭаны сахәаԥшуеит

Сарециан иазгәеиҭеит аԥсуа поезиа дхәыҷаахыс игәцаракны иахьимаз аҟнытә шакәу аиҭагара аус напы заиркызгьы. Иара иажәақәа рыла Анатоли Лагәлаа ипоезиа аиҭагара ганрацәала аинтерес аҵоуп, иагьхшыҩрҵагоуп.

"Анасыԥ амҵәыжәҩақәа": Анатоли Лагәлаа ишәҟә ҿыц аԥхьаҩцәа идырбан

"Сара иаразнак сыхнахит Анатоли Ианкәа-иԥа иажәақәа инашаноу рҟазшьа, рҵакы. Насгьы уаҩы иџьаимшьар ауӡом апоет ажәацыԥхьаӡа заҟа патуқәҵарыла дазнеиуа, заҟа ишәо-изо арҿиаратә ҳәаақәа. Ари, хымԥада, Ҳазшаз ауаҩы илаиҵо баҩхатәра ҷыдоуп", - иҳәеит аиҭагаҩ.

Иажәа хыркәшо, Артавазд Сарециан кыр шықәса аус адулара дызҿу аԥсуа поезиа аерман бызшәахьы иеиҭагақәа реизга ааигәа иҭыҵраны ишыҟоу иҳәеит. Насгьы иазгәеиҭеит урҭ арҿиамҭақәа рхыԥхьаӡараҿы ишыҟоу Анатоли Лагәлаа иажәеинраалақәагьы.

Анатоли Лагәлаа: агәра ҳгоит ажурнал "Алашара" еснагь гәырӷьаҿҳәашаны шәыҩнқәа ишрыҩнало

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба ҷыдала ахәшьара ҳаракы риҭеит аизга ианылаз ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа. Иара иажәақәа рыла аԥсуа хәыҷқәа реиҵааӡараҿы асеиԥш иҟоу аҩымҭақәа иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит.

"Напеилаԥса уаҩы дааӡоит ҳәа шырҳәо еиԥш, Анатоли Лагәлаагьы шәҟәыҩҩык, поетк иаҳасабала зеиӷьыҟам арҿиаҩцәа рабиԥара дааӡеит. Иара ибжьы даҽакы иалаҩашьаӡом, ари ажәа ииашоу аҵакалагьы, еиҭарсу алагьы. Избан акәзар Анатоли Ианкәа-иԥа ихатәы рҿиаратә ҷыдара инаваргыланы иаԥхьашьагьы кыр ихатәроуп, уаҩы дыхнахуеит. Арҿиаҩы аԥхьаҩ данизааигәахо убасҟан ауп - ԥсыцқьала, хатәы бжьыла уи даниацәажәо. Анатоли Ианкәа-иԥа урҭ арҿиаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп", - иҳәеит аминистр.

Иара убас Адгәыр Пата-иԥа ашәҟәы атираж амаҷра иадҳәаланы агәынамӡара ааирԥшит, аха иагьациҵеит наҟ-наҟ ари азҵаарагьы шыӡбахо.

Анатоли Лагәлаа ипрозатә рҿиамҭақәа реизга "Анасыԥ амҵәыжәҩақәа" ҭыжьын аиҿкаара "Аԥсны агәаҳәара бзиа ацҳаражәҳәаҩцәа" ацхыраарала. Москватәи аԥсуа диаспора амчқәа рыла ари агәыҳалалратә хаԥшьгара аԥҵан ҵыԥх, ииун мзазы. Уи ахаҭарнакцәа изларҳәаз ала дара уажәшьҭарнахысгьы аԥсуа милаҭтә культура зырҿио аусқәа рҟны ацхыраара аҟаҵара иазхиоуп.