Лагәлаа "Анасыԥ амҵәыжәҩақәа" аҭыжьразы: ԥсҭазааратә ҳамҭаны сахәаԥшуеит
"Иааизакны аизгаҿы иану зегьы прозатә ҩымҭақәоуп, иҟоуп ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа, аессеқәа, аиҭагақәа. 30 шықәса рыҩнуҵҟа исыҩуаз, иалкаау сыпрозатә ҩымҭақәоуп уҳәар улшоит. Ашәҟәы аҿыгҳара дууп, аашәдаҟьак рҟынӡа иҟоуп. Ажәакала, сыԥсҭазаара зегьы иацыз ҩымҭақәоуп. Аиҭагақәа ракәзар, адунеи аҿы еицырдыруа аҩымҭа дуқәа роуп, иаҳҳәап: Варлам Шаламов "Аҳақьым Аустинов хынтә иԥсра", Альберто Моравиа "Дыцәан сан" уҳәа убас", - ҳәа азгәеиҭеит Лагәлаа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.